2023 шықәса октиабр 16, Аԥсныпресс. Октиабр 15 рзы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргыларазы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа хацыркижьҭеи 15 шықәса ҵит.
2023 шықәса, октиабр 13, Аԥсныпресс. Атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Гәында Кәыҵниеи Аусбарҭа аспециалист хада Гәында Сақаниаԥҳаи идикылеит. Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә Усбарҭа ахаҭарнакцәа Алеқсандр Анқәаб изеиҭарҳәеит ́ изаамҭану русура амҩаԥысшьа.
2023 шықәса октиабр 17, Аԥсныпресс. Москва, ҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара ашьаҭала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҳәаақәҵара ашьақәыргыларазы апрограмма анагӡара азы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысуеит.
Адыгатәыла иҭыҵуа ареспубликатә газеҭ «Адыге Моҟәи» аҧсуа газеҭ «Аҧсни» аусеицура хацдыркит.
Абас иҳәон згәыхәтәы намӡаз афото корреспондент Андреи Соловиов. Дҭахеит Афырхаҵа Ҳиааира аагара хымш шагыз, Аҟәа ахы ианақәиҭыртәуаз сентиабр 27 аҽны. Зқәыԥшра иҭагылаз арԥыс илиршеит аибашьра аҭоурых афото ҭыхымҭақәа рнырԥшра.
Жьҭаара 6, 1992-1993 ш ш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҟны игоу раҧхьатәи иааираны иазгәаҳҭоит есышықәса. 31 шықәса раҧхьа Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ ахашәыршәырит аӡиас Ҧсоу ахықәан Амраҭашәаратәи аҳәаа.