Аԥсны атуризми аимиџьтә политикеи иазку ԥшшәыла еиқәыршәоу, ажурнал «Аԥснытәи аԥсшьарамшқәа» («Абхазские каникулы») актәи аномер ҭыҵит.
Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра ахыркәшара ашықәсахыҵра ахьӡала Москва, «Манежнаиа» ҳәа изышьҭоу ашҭа ҭбааҿы имҩаԥысуаз, Урыстәыла арратә хьӡи-ԥшеи Амш иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟаз аԥсуа дипломатцәа.
Сентиабр 3 рзы, Аҟәа имҩаԥган хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Амш. Иахьа адунеи зегь аҿы хабарда ибжьаӡыз, мамзар ҳаамҭазгьы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны ибжьаӡуа рхыԥхьаӡара нагӡаны еилкаам.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ашьақәгылара 35-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Еицырдыруа аҧсуа поет, аҭоурыхҭҵааҩ, аиҭагаҩ, апублицист Денис Чачхалиа 75 шықәса ихыҵит.
Аԥсны жәлар рпоет Б. Шьынқәба ифырхаҵа изы ииҳәаз еицырдыруа ажәақәа «жәлар рыбзиабара ҟьалан иааӡом, иалнахыз-далнахит, иаԥсам-дабаӡом» гәыҩбарада изукыр ҟалоит афзико-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа Урыстәылатәи Ракадемиа академик, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Гәарамиа Алеко Алықьса-иԥа.