Ааигәа Аԥснытәи ашәҟәҭыжьырҭаҿы урысшәала иҭыҵит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа иҩымҭақәа реизга «Одноглазое небо» («Ажәҩан блазаҵә»).
Асахьаҭыхцәа рдунеи иагәылаԥшыр зҭаху ирзацлеит даҽа цәыргақәҵак. Арҭ амшқәа рзы агалереиа маҷ «Auada» аҟны иаадыртит аҿар рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.
Аԥсуа литература апатриарх Дырмит Гәлиа ихьӡ зху амҩаду аҿы игылоу, алитература-мемориалтә ҩны-амузеи аиҭашьақәыргылара алагара хҭыс духеит ҳкультуратә ԥсҭазаараҿы.
Урҭ мҩаԥысуеит 95-тәи аиубилеитә сезон аҳәаақәа ирҭагӡаны, жәабранмза 11 инаркны 13-нӡа.
Афотоҭыхыҩ, арежиссиор Ибрагим Ҷкадуа иколлекциа аҟынтәи акиноплакатқәа рцәыргақәҵа аартра мҩаԥысит Ruin Bar аҿы.
Аԥсуа журналистцәа абжьаратәи рабиԥара иаҵанакуаз рхаҭарнак, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, СССР-и Аԥсни ржурналистцәа Реидгылақәа ирылаз, акыр шықәса инеиԥынкыланы амилаҭтә газеҭ «Аԥсны ҟаԥшь»– «Аԥсны» аредакциаҿы аус зуаз, аредактор хада ихаҭыԥуаҩс иҟаз Владимир Антипа-иԥа Чуаз диижьҭеи 90 шықәса ҵит.