Ҟабарда-Балкариа Ельбрустәи араион Тегенкели аҳаблан имҩаԥысуа Нхыҵ-Кавказтәи аҵарадырратә форум «ЯвРесурсе» рхы аладырхәуеит Аԥсны ахаҭарнакцәа гәыԥҩык.
Аԥсуа театр, ахәаԥшҩы бзиа гәыхыҭ-хыҭрала еснагь дыззыԥшу, аԥсуа сцена аҳкәажә Софа Хынтрыгә-иԥҳа сынтәа илхыҵит 85 шықәса, иара убас сынтәа 10-шықәса рхыҵуеит лара еиҵалааӡаз Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Аҿартә Театр.
Август 26 рзы Сириатәи Арабтә Республика иаҭааит, 62-тәи Дамасктәи жәларбжьаратәи аиармарка рхы аладырхәырц, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу аделегациа.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба ихантәаҩрала амшын аԥшаҳәа аҿы имҩаԥысит ақалақь аиқәыршәаразы акомиссиа анҭыҵтәи аилацәажәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.
С.Ҷанба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә Аԥсуа драматә театр аҟны имҩаԥысит 94-тәи атеатртә сезон аркра.
Аԥсны Аконституциатә усӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥилиа А.А.Тибилов ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет аректор Вадим Ҭедеев инаԥхьарала Аахыҵ-Уаԥстәыла дыҟан.