Апортативтә стоматологиатә рентгентә аппарат, афымцакардиограф, аноутбукқәа ааба агәабзиарахьчара Аминистрра иаҭан атәыла ахәыҷқәа рдиспансеризациа аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аноутбукқәа араионқәа рполиклиникақәа ирызшахоит, арентген-аппарат Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника иаҭахоит, астационартә афымцакардиограф – Ареспубликатә ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ахь идәықәҵахоит.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ауаажәларратә еиҿкаара «Жәлар рфронт» анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз аҳамҭа азы, иҿыцу амедицинатә еиқәыршәагақәа атәыла ахәыҷқәа амедицинатә цхыраара рыҭара аҩаӡара шьҭнахуеит ҳәа иазгәеиҭеит.