Аҟәатәи абааш – ари ажәытә бырзентә калонизациа инаркны иахьа уажәраанӡа Аҟәа ақалақь аҿиара зныԥшуа иуникалу аҭоурых-культуратә ҭынха абаҟа ауп.
Амузеи аконцепциа иалагалоуп аҭҵаарадырратә еиԥш, аекскурсиа-туристтә усура ахырхарҭақәа. Шықәсыки бжаки рыҩныҵҟа иарбоу аҵакыра аиқәыршәара иазкыз аусурақәа актәи аетап мҩаԥысуан – ашьаҟамҩақәа ҟаҵан, арымӡқәеи арлашагақәеи аинформациатә дырранҵақәеи, иара убас ажрақәа ахьымҩаԥысуа алашара ақәырԥхагақәеи шьақәыргылан, аекскурсиатә цагамҩақәа аус рыдуланы еиқәыршәан.