Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Мшаԥы 25 адыга жәлар рбираҟ иамшныҳәоуп. «Аԥсуаа иахьанӡагьы ражәа иалоуп «ҳаи, рацәа дуаҩы едыгьоуп», ҳәа.
Иҳарҳәоузеи нас арҭ ажәақәа? Ари ауаҩы ламысла шаҟа дҳараку, ԥшралеи-сахьалеигьы шаҟа деинаалозеи ҳәа ауп. Ҭоурыхтә ҵаҵӷәык амамкәа баша ирҳәарымызт иҵауланы узырхәыцуа арҭ ажәақәа… ҳәа иҩуеит Аԥсны жәлар рпоет, академик Ҟабарда-Балкариеи Адыгьеиеи жәлар рышәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба, аҵарауаа Сергеи Зыхәбеи Нафисеҭ Чуиаковеи еиқәдыршәаз аедыгьа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реизга «Аӡқәа ахьеилало мшынхоит» ҳәа хьӡыс измоу аҭыжьымҭа аԥхьажәаҿы.
Адыга жәларқәа-аедыгьақәа, аҟабардақәа, ачерқьесқәа, ашаԥсыӷқәа уҳәа аӡәыкны рҽеиларҵәара иадырга ԥшьоу, ихьӡырку еҵәала ихҟьоу абираҟ иаҵәа аҭоурых ҵаулоуп, уи ахақәиҭратә қәԥара иалиааит. Зкәакьҭа иашоу, зоуреи зыҭбаареи 2:1 м. инаӡо, аиаҵәа (ашьац) ԥшшәы змоу адыга бираҟ аҟны иарбоу ихьԥшшәылоу жәаҩа еҵәа адыга жәлархылҵшьҭрақәа ирхаҿроуп, урҭ ракзаара иарҵабыргыгоуп ажәҩан ахь ихоу еихдоу ахыцқәа хԥа. Изну абааԥшшәы ишдыру еиԥш, аԥсҭазаара иасимволуп, насгьы Адыгатәыла ԥсабарала абеиара иаршаҳаҭгоуп.
Асовет еидгыла анхыбгала, 1991 ш. рзы Адыгьеиатәи автономтә област, Краснодартәи атәылаҿацә иалҵны, хаз иҟоу, Урыстәыла иахәҭаку республикак аҳасабала ашьақәгылара аназыӡбаха, аҳәынҭқарратә бираҟ аԥҵаразы аиндаҭлара рылаҳәан. Аҵарауаагьы атәыла анапхгараҭаратә уаажәларрагьы азхәыцра рацәа ҟамҵакәа, хьаҳәа-хьачарада еиқәышаҳаҭны иазырыӡбеит, XIX ашәышықәсазы рабдуцәа рхақәиҭратә қәԥара аан ирхашәыршәыруаз рҭоурыхтә бираҟ ишыҟоу иаанрыжьырц. Уи шыҟаз атәы инҭкааны дазааҭгылахьан, Кавказтәи аибашьра аан, арҭ аҿацәқәа рахь иқәнагалахьаз, англыз ныҟәаҩы Едмунд Спенсер, «Путешествие в Черкессию, Крым – Татарию …» ҳәа ахьӡны, 1838 ш. рзы иҭыжьыз ашәҟәы аҟны. Раԥхьаӡа акәны ауаажәларра рахь ицәырган абираҟ 1991 ш. ахыркәшамҭазы, ауаажәларратә еиҿкаара «Адыгә Хасэ» аԥҵаратә еизара ду аҟны. Анаҩс, 25 март 1992 ш. рзы Адыгьеиатәи Ареспублика Иреиҳаӡоу ахеилак аҟны ишьақәырӷәӷәан. Абираҟ аныҳәамш азгәарҭо иалагеит, амҳаџьырра Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз, аедыгь ҭыԥҳа иӡахны лашьцәа ирылҭеижьҭеи 180 ш. анахыҵуаз 25 апрель, 2010 ш. инаркны.
Есышықәса ари амш аҽны адунеи иқәынхо адыгақәа зегьы – Адыгьеиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесск рнаҩсангьы, урҭ рхылҵшьҭрақәа ахьынхо егьырҭ атәылақәеи аҵакырадгьылқәеи рҟнгьы иазгәарҭоит рмилаҭтә хаҿра иашьаноу абираҟ аныҳәа. Уи иазкны имҩаԥыргоит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.
Ҳтәылаҿгьы ари амшныҳәа ахьӡала есышықәса имҩаԥысуеит ахәыҷӡақәа инадыркны абыргцәа рҟнынӡа милаҭтә маҭәала рҽеилаҳәаны, амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны, аешьаратә – адыга, аԥсуа, абаза жәлар рбираҟқәа ҳаракны ирхашәыршәыруа аныҟәарақәа, анаҩс С.Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьеи, Б.Шьынқәба ихьӡ зху ақалақьтә баҳчеи рҟны еиуеиԥшым агәырӷьаратә-арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеит. Сынтәа урҭ инарҷыданы ари амш ахьӡала Аҟәа абаа аҵакыраҟны имҩаԥган ахыци ахымпали рыла ахысразы аиндаҭлара.
Аԥсуа-адыга жәларқәа ҳаимадара, ҳажәҩахыреибыҭара амҩақәа рырҵаулара хықәкыс иҟаҵаны ауп, шықәсқәак раԥхьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, аректор, УАҬР академик Алеко Гәарамиа иқәҵарала изаартыз, аамҭакьаҿк иалагӡаны ари ахырхарҭала, имаҷымкәа аусқәа назыгӡахьоу – В.П.Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа ацентр.
Адыга бираҟ амшныҳәа аламҭалаз Адыгьеиатәи амилаҭтә театр аҟны қәҿиарала имҩаԥысит Баграт Шьынқәба иҭоурыхтә роман «Ацынҵәарах» ашьаҭала иқәыргылаз аспектакль «Уаԥсҵәык анышә» апримиера. Константин Мишин режиссиорс дызмоу ари ақәыргыламҭа апрель 23 рзы – аедыгь бызшәала, апрель 24 – урыс бызшәала ирыдгалан ахәаԥшцәа. Аҭааҩцәа гәахәара ҳаракыла ирыдыркылаз аспектакль «Уаԥсҵәык анышә» еиҭадырбахоит маи 28 рзы – аедыгь бызшәала, маи 29 – аурыс бызшәала. Аԥсуа – адыга жәларқәа доуҳала ҳаилаҵәара даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит, ҳхаҿра аӡыргареи, ҳзеиԥш ҭоурых аиқәырхареи рзы иҟаҵоу ари ашьаҿа.
Аԥсуа – адыгатә доуҳатә культуратә еимадарақәа рымҽхак есааира ишдырҭбаауа шьақәнарӷәӷәоит арҭ амшқәа рзы Адыгьеиа имҩаԥысыз, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аԥсуа-адыга сахьаркыратә ажәа арҿиаҩцәеи аҟазарауааи маҷымкәа еидызԥхьало, аешьаратә милаҭтә литературақәа рызҿлымҳаҩцәа ргәыблра аизырҳареи, ҟазарыла урҭ рӡыргареи зхықәкы хадоу апроект «Рифмы на Рице» иахәҭаку афестиваль «Строфы на Руфабго». Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Маиҟәаԥ, акультура арҿиара ацентр «Ошад» аҟны имҩаԥысит, Аԥсны аҳәынҭқарратә аҿартә театр актиор Саид Камкиа ирҿиаратә хәылԥазы. Аусмҩаԥгатә хадырҭәаауан ацентр аҟны еиҿкаау ашәаҳәареи акәашареи рансамбльи аҭыԥантәи апоетцәеи рықәгыларақәа.
Убасгьы , ҳазну амза ахыркәшамҭазы Нальчик, амилаҭтә маҭәа аиҿкаареи ҟазарала аӡыргареи русхк аҟны зыхьӡ ахара инаҩхьоу, ашәҵатәыӡахҩы Мадина Саральп напхгара зылҭо «Арт-Центр» аҟны имҩаԥысит аԥсуа поет Дмитри Габелиа ипоезиатә хәылԥазы, уи аҵакы ҩаӡара ҳаракыла ихаирҭәаауан ачерқьес поет Артур Кенчешаовгьы.
Ааи «аешьа дыӷәӷәоуп аешьа ила» ҳәа баша ражәа иалам ҳажәлар, уи ус шакәу аҭоурых иарҵабыргхьеит изныкымкәа. Иаԥкымзааит шәышықәсала ҳаешьаратә жәларқәеи ҳареи ҳажәҩахыр, есааира иҵаулахалааит агәбылра иашьаҭоу ҳаиҭанеиааирақәа, ҳаибабарақәа.
А.Анқәаб