Ргәалашәара ҳацзаауеит

80 шықәса шцазгьы, иахьагьы иргәалашәоит, абаҟақәа рыздырҿыцуеит, ҳаҭыр дула рыхьӡ ԥшьа рҿыҵакуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа.

1941-1945-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа Аԥсны ирзыннажьит ахәра ӷәӷәа. Аиааира ҳзаазгаз афырхацәа рыгәҭа  игылоуп Аԥсны  аҵеицәагьы. Иреиӷьӡаз ҳҭыԥҳацәеи ҳарԥарцәеи рхы мшаҭо афашизм иаҿагылеит бџьаршьҭыхла.

17 - нызқьи хәышәҩык Аԥсны арԥарцәеи, аҭыԥҳацәеи азеиԥш ԥсадгьыл ахақәиҭтәраз иҭахеит. Иҟам аԥсуа қыҭак, аԥсуа қалақьк аибашьра ахыԥша, уи иацыз агәаҟра зхызымгаз, иҭацәит ҳаԥсуа қыҭақәа, аҳәсеи, абыргцәеи, ахәыҷқәеи гәкаҳара ҟамҵакәа ихандеиуан, еиҭахгьы аибашьра иацхраауан. Убарҭқәа зегьы ирыбзоураны, Асовет Еидгыла иаҵанакуаз зегьы милаҭ  еилых ҟамҵа рыжәҩахыр ахьеидырҵаз иабзоуроуп 1945 шықәса  маи 9 рзы иааргаз Аиааира.

Абри аҟара аамҭа шцахьоугьы, ашәышықәса ҳшазааигәогьы иҟоуп иахьанӡагьы зыбаҩқәа ԥшаам Афырхацәа.

Ааигәа ҳара даҳдырит Аиааира Ду аламҭалаз забду ихабар еилызкааз аибашьҩы-фырхаҵа Польша ԥсыжырҭас изауз Лад Ԥыда-иԥа Миқаиа имаҭа. Рузана уи лдырҩык Урыстәыла инхоз, архив аҟны аус зуаз длыҳәеит лабду ихабарк лзеилкаауазар ҳәа, лара иагьыналыгӡеит. Лаб Асҭамыр Миқаиа илеиҳәахьаз ала лабду изкны акгьы ззымдыруаз Рузана илзаарышьҭит ашәҟәы: Миқаиа Лад Ԥыда-иԥа Арҟаԥшьаа иреиуоу, 136-тәи ацҳаргыларатә баталион иалахәыз дыруаӡәкуп.

Лад Миқаиа диит, дааӡеит Кәтол ақыҭа. Аџьынџьтәылатә еибашьра  ианалагаз, иара 32 шықәса ихыҵуан, дҭаацәаран, хәҩык ахәыҷқәа драбын. Иԥшәма ԥҳәыс Ӡакәа Баса-иԥҳа Амҷба хәҩык ахшара  ахацәарԥар ааӡатәыс иналызныжьны дцеит еибашьра. Уи илыллыршеит хәҩык ахшара рааӡара. Иахьазын зыԥсы ҭаны иҟоу Асҭамыри Гьаргьи, ааигәа идунеи иԥсахит рашьа Иликәа.

Рузана лабду дшылзымыдруазгьы, ихабарк ахьеилкаахаз, уи иара ихшара иахьӡаз рзы акырӡа аҵанакуеит ҳәа илыԥхьаӡоит. Лгәи-лылаӷырӡи  еилаҵәоит илзаарышьҭыз ашәҟәы дахьаԥхьо. Уи абас ануп:

«Лад Ԥыда-иԥа дрылахәын Бриансктәи, Белоруссиатәи актәи афронтқәа.

Арҟаԥшьаа дрылоуп октиабр мза 1944 шықәса инадыркны».

Аибашьраҿы зда ԥсыхәа амамыз ацҳа  аӡиас Пилица ианхырҵоз ианвар 17, 1945 шықәсазы иара ихы ааирԥшит зхы-зыԥсы иамеигӡо фырхаҵа ӷьеҩны. Иара ф-сааҭк изыхҵаалаз аӡы дҭагыланы идыз адҵа анагӡара илиршеит. Убри  иааирԥшыз ахамеигӡараз ианашьан Аџьынџьтәылатә Еибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡара. Лад Ԥыда-иԥа Миқаиа дҭахеит Аиааира аҟынӡа мызкы шагыз, еибашьрала днаӡеит Берлинынӡа. Зегьы  лахьынҵак-лахьынҵак рызшазар акәхап, мамзар аибашьра зегьы деибга-дызҩыда дналсуаны, мызкы заҵәык шыбжьаз аӷа ихымҭа дагеит.

Агәымшәара  аазырԥшыз Аԥсны аҵеи, афырхаҵа Лад Ԥыда-иԥа Миқаиа анышә дамадоуп  Польша ар  рыԥсыжырҭақәа рҿы.

Афырхаҵара адацқәа хараӡаны инаӡоит, уи  еснагь аԥсы ҭоуп, абиԥарақәа инеимырда-ааимырдоит.

Аџьынџьтәылатә  еибашьра  иалаӡыз ҳҵеицәа рыхьӡ хәашьра ақәлашам, урҭ ргәалашәара, рыхьӡ анаунагӡатәра ҳара иаҳуалԥшьоуп.

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me