Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Асахьаҭыхра аҟазарахь зшьаҿа еихызго ауаҩы раԥхьа ирҿиара злахациркуа аҿыханҵа алоуп.
Уи даара иуадаҩу жанрны иԥхьаӡоу ак ауп аҟнытә, иацәхьаҵуа, даҽа хырхарҭак алызхуа рацәаҩуп. Аԥшшәқәа ралхра, реиҿыбаара, иԥшшәыдоу акарандашь ахархәара уҳәа уи иацу акәама-ҵамарақәа маҷым.
Асахьаҭыхра аҟазараҿы аҿыханҵа рылҳәҳәо иахьыҟоу азоуп, еицырдыруа асахьаҭыхҩ ду Леонардо да Винчи «Коралева всех искусств», – ҳәа аҿыханҵа изазиҳәазгьы.
Хаҭала, ҳаззааҭгыларц иаҳҭаху асахьаҭыхҩы, Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруа, изныкымкәан «Ашықәсазы иреиӷьу асахьаҭыхҩы», – ҳәа иалыркаахьоу, хаҭалатәи зусумҭақәа рцәыргақәҵа Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы, Ҭырқәтәыла, Белоруссиа уҳәа ицәыргақәызҵахьоу, ааигәа, «Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы» ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахаз, абаҩхатәра злоу асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ Руслан Габлиа иоуп.
Аԥышәа змоу асахьаҭыхҩы ҳаиҿцәажәара хацыркуа иазгәеиҭеит, дхәыҷаахыс ари аҟазара игәы шазыбылуаз, анаҩс, ԥсҭазаараны ишизыҟалаз, зегь раԥхьа иширгыло.
Уи иалихит зыӡбахә ҳамоу, асахьаҭыхраҿы еиҳа иуадаҩу ҳәа иԥхьаӡоу аҿыханҵа ажанр.
Руслан Габлиа аскульптуратә усумҭақәагьы аԥиҵоит, аха еиҳа деицырдыруеит ҿыханҵаҩык иаҳасабала, иусумҭақәа рӷьырак уи ажанр ала иахьаԥҵоу аҟнытә. Ҳаиҿцәажәараан уи иазгәеиҭеит, хаҭала, еиҳа аус здиуло, иаԥиҵо аусумҭақәа апортретқәеи, анатиурмортқәеи шраку.
Асахьаҭыхҩы ҳаиҿцәажәараан иазгәеиҭеит иан Арда Мышә-ԥҳа даара лнапы шҟазаз, ақәҵареи, ахырҷареи шлылаз. «Сан лбаҩхатәра, лҟазара сара сахь ииасит, амала, аҟазара аганахьала, даҽа хырхарҭак алысхит умҳәозар», – иҳәеит Р. Габлиа, иалихыз азанааҭ , иан рацәак лгәы ишамыхәоз, ахныҟәгаразы иманшәалам ҳәа ишылыԥхьаӡоз мӡакәан.
Р. Габлиа иажәақәа рыла, иалихыз азанааҭ даԥхьдмырҟәҟәааит иҭаацәа, азныказы, иан Арда даалак-ҩакзаргьы, иаб Тониа даара ацхыраареи адгылареи ииҭеит.
«Арҵаҩцәа бзиақәа сыман, урҭ ирыбзоуроу рацәоуп сахьаҭыхҩык иаҳасабала сышьақәгылараҿы, аха урҭ рышьҭахь, сгәахәтәы сахьызгӡаз, сзанааҭ аганахьала адырреи аԥышәеи сырҳартә аҭагылазаашьа аԥҵара иацхрааз сҭаацәа роуп», – иҳәеит аҿыханҵаҩ ирҿиаратә ҟазара ашьақәгылара дазааҭгыло.
– Саныхәыҷыз сабду ҭаха исҭомызт, еснагь дыртәаны ипатреҭ ҭысхуан, усҟан уи аӡәк иакәын сыгәра згоз, сҳәатәгьы иацныҟәоз. Аха иҟалап, аԥхьаҟа уи ԥышәак аҳасабала исыхәазаргьы… Сахьаҭыхҩык иаҳасабала санышьақәгыла ашьҭахь, раԥхьаӡа ауаҩ ихаҿсахьа ҭысхит Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада ҷыдала исиҭаз адҵала, 1994 шықәсазы. Усҟан иаԥысҵеит Аԥсҳа Леон аҩбатәи ихаҿсахьа, ахьтәи араӡынтәи аԥараҿырп» – дҳацәажәон асахьаҭыхҩы.
Ҳаиҿцәажәараан Руслан Габлиа иазгәеиҭеит, ааигәа иҭыҵраны ишыҟоу уи иаԥиҵаз Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкиа ихаҿсахьа зну араӡны иалху аԥараҿырпы.
Аҟазара ала ахныҟәгара уадаҩуп иахьатәи аамҭазы, уи ала абеиахара залшом. Руслан Габлиагьы аԥсҭазараҿы иԥылахьан ауадаҩрақәа, уимоу, бзиа иибо азанааҭ даԥырҵырц игәгьы иҭашәахьан. Аха, уи иажәақәа рыла, Геннади Лакоба ибзоурала, игәҭакы дацәхьаҵит, ҩаԥхьа изанааҭ ахь дхынҳәыртә аҭагылазаашьа изаԥиҵеит уи. «Гена Лакоба ибзоурала, Белоруссиа аус зуан, апартреҭқәа ҭысхуан, сзанааҭ саҿын, исырҭоз адҵақәа рыла иаԥысҵон ахаҿсахьақәа, аусумҭақәа, аха хымз рыда исзымычҳаит тәымџьара. Сзанааҭ сгәы аназҭала схынҳәит Аԥсныҟа. Уиижьҭеи схазы еилкааны инхеит, асахьаҭыхра ада ԥсҭазаара шсымам, уи зегь раԥхьа ишгылоу» иҳәеит асахьаҭыхра иара изы игәыԥсыршьаган ишыҟоу азгәаҭо.
«Иарбан занааҭзаалак аҟны ихадароуп абаҩхатәра, аха уи аҽныхреи аҽадцалареи анацым ихаҭәаахом. Ауаҩы иага абаҩхатәра имазаргьы ихы аус адимулар алҵшәа зыҟалом. Убри инаҷыданы, ауаҩы дызҿу аус бзиа ибозароуп, усҟан ауп ахаҭабзиарагьы анааԥшуа.
Асахьаҭыхҩы бла ҵарыла ибозароуп иааикәыршан иҟоу зегьы: адгьыл, ажәҩан, ашьхақәа, амшын, аԥсабара уҳәа уб. егь. Уи даҽа блак ала, зегьы ишырбо акәымкәан, ирызгәамҭо аԥшӡара, аџьашьахәқәа ҩнуҵҟатәи дунеихәаԥшышьала дазнеины, аарԥшышьа дақәшәозароуп.
Апортреҭ аԥҵара ус ауаҩы иааинырсланы иҟаиҵо ак акәым. Ауаҩ ихаҿсахьа гәылҭәааны аарԥшразы уи иҭеиҭԥш, иԥшӡара мацара азхом, ианыԥшуазароуп ахаҿсахьа зтәу иҟазшьа, илакҭа, иԥшышьа, ажәакала, ахаҿсахьа цәажәозароуп. Анатиурморт – зыԥсы ҭам амаҭәар аҭыхра ауп иаанаго, еиҳа имариоуп. Аха уи ҟазарыла иаԥҵатәуп, ауаҩы илаԥш адхаларатәы» – дҳацәажәон Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы.
Руслан Габлиа Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҟны иоуз адырра аизырҳаразы Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа 1986 шықәсазы ианхиркәша, раԥхьа аусура далагеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҟны, иахьа уажәраанӡагьы асахьаҭыхрахь зшьаҿа еихызго аҿар ирызнеигоит аҿыханҵа, аграфика, акомпозициа. Аамҭаказы, аус иуан ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аҟны сахьаҭыхҩыс, иара убас, 5 шықәса Аҟәа ақалақь Ахадара аҟны сахьаҭыхҩ хадас дыҟан, цхырааҩыс диман абаҩхатәра злоу аскульптор қәыԥш Адгәыр Ҷкадуа. Акыршықәса инеиԥынкыланы аус иуеит Аԥсны ашәҟәҭыжьырҭа аҟны сахьаҭыхҩыс.
Имҳәакәан высшьа амам, асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыгәҭа дшыҟаз. Уи далахәын Славик Анқәаб ко-мандаҟаҵаҩыс дызмаз аҩбатәи абаталион, ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.
Уи иажәақәа рыла, аибашьра адәаҿгьы еимгеимцарак шааиоулак, иҩыза еибашьҩы Уасил Мхонџьиа изиԥшааз акарандашь хҵәахеи ақьаад хыцҩыцқәеи рыла иҩызцәа аибашьцәа аӡәырҩы рхаҿсахьақәа аԥиҵеит.
Ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны иазгәеиҭеит, усҟан иаԥиҵаз 60-ҩык инарзынаԥшуа аибашьцәа рпортреҭқәа шцәыргақәиҵаз аибашьра ашьҭахь. Аԥсны аҵеицәеи зхатәгәаԥхарала еиуеиԥшым атәылақәа рҟнытә ҳаԥсадгьыл аиқәырхаразы иаази еидызкылоз ацәыргақәҵа «Ахаҿқәа, ахаҿқәа, ахаҿқәа» ахьӡын.
Асахьаҭыхҩы аԥхьаҟатәи игәҭакқәа ҳацеиҩшо, иҳәеит игәы ишҭоу «Ахаҿқәа, ахаҿқәа, ахаҿқәа» еиднакылоз 60-ҩык аибашьра аветреранцәа рхаҿсахьақәа атекстқәа рыла ихарҭәааны афотоальбом аҭыжьра. Уи инаҷыданы 70 шықәса ихыҵра инадҳәаланы, макьана аус здиуло «Аӡә́ иламҩашьо аԥсуа кәашара» захьӡуи Амҳаџьырра иазкуи аԥараҿырпы аус адулара дызҿу ирызкны, зымҽхак ҭбаау, хаҭалатәи ацәыргақәҵа аартра игәы иҭоуп.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо Руслан Габлиа дазгәдуны иаҳзеиҭеиҳәон уи ихҩыԥҳацәа иреиҳау аҵараиурҭақәа ишрылгахьоу, аиҳабы Ница англыз бызшәа дшазҟазоу, агәабжьанытә Риҵа занааҭла дышԥсихологу, аиҵбы Нара иара ишьҭра дшазааигәоу, архитектор-дизаинер изанааҭ шалылхыз, уи ала қәҿиарала аусгьы шылуа Ростов ақалақь аҟны.
«Нара ҟазшьалагьы еиҳа дысзааигәоуп, ҳзанааҭқәагьы еиқәҿырҭуеит, еишьашәалоуп аҟнытә, лареи сареи аҟазара аганахьала аимак- аиҿакқәа ҳауеит лассы-лассы. Иҟалҵо абжьгара сазаагара зылшо лара аӡәк лоуп» – иҳәеит Аԥсныҟа лыхынҳәра дшазыԥшу азгәаҭо.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада инаиркны, акыр хаҿсахьа хатәрақәа аԥызҵахьоу, акыр аҿыханҵатәи аскульптуратәи усумҭақәа равтор изеиӷьаҳшьап ари нахыс арҿиаратә гәацԥыҳәара.
Алиса Гәажә-ԥҳа