Аԥсуаа еснагь ирыман Анцәа иахь ахаҵара. Ианаамҭоу имҵаныҳәон, игәра ргон, иагьицәшәон.Аԥсуаа ирымоу аныҳәарақәа даара ирацәоуп. Сара салацәажәар сҭахуп аԥхын алагамҭаз имҩаԥырго, ацуныҳәара захьӡу. Убасгьы иазгәасҭар сҭахуп зегьы еиԥшымкәа ишыҟарҵо. Уи зыхҟьо ҳәа инҭкааны аҭак ҳаздырӡом. Бзыԥаа рҟны, хаҭала ақыҭа Мгәыӡырхәа ишымҩаԥырго салацәажәоит.Иҟоуп аҭыԥ ҷыда, ацуныҳәа ахьымҩаԥырго, избан уи аҭыԥ аҿы изымҩаԥыргои ҳәа ҳҵаауазар, алегенда иадҳәалоуп. Дныҳәоит Гәбаз зыжәлоу, зықәрахь инеихьоу…