Аха иџьашьатәуп, ашьац ҧшқа иаҩызоу аҧҳәызба ари ажәа анлыдукыло, уи аҵакгьы данақәшәо. Иџьоушьоит: илылзыршазеи, излалгәаҕьызеи аибашьра амҩа анылара? – ҳәа. Убас еиҧш иҟоу дыруаӡәкуп Тҟәарчалтәи аҧҳәызба Марина Колодиа-иҧҳа Аршба.
Марина диит, дааӡеит Тҟәарчал амҵан, Аӡхыда аҳабла ҳәа иахьашьҭоу. Далгеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афизика-математикатә факультет. Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалагаз аус луан лзанааҭ ала – рҵаҩыс.
– Марина, бара, заанаҭла амедицина иацәыхараз, медеиҳәшьас бцара шҧаҟалеи?
– Ауниверситетаҿ аҵара анаҳҵоз ҳахысуан арратә ҽазыҟаҵара амаҭәар, арратә блеҭқәагьы ҳарҭахьан ҳара уи акурсқәа ҳанрылга. Исылшон иаалырҟьаны ауаҩы ацхыраара ласы иҭара. Амала, сара иаразнак аибашьра сымцаӡеит, аҩны сани саби срыцхраауан, сашьа Едик Аршба ахырҕәҕәарҭахь дныҟәон, саҳәшьа лакәзар, ҳаибашьцәа медеиҳәшьас дрыцын. Саргьы схы иҭагьежьуаз убарҭ сышрывагылашаз акәын.
Аибашьцәа уанрывагыла акы урыхәартәы уҟазароуп, схы ҧысшәаразы саб аӡынразы иршьаны икыдиргылаз амҿ-дуқәа зегьы сыбҕа иаақәысхит. Схы ҧысшәеит – ахәы иалгара сылшару ҳәа. Усҟан сҭаацәарамызт, сцеит аштаб ахь, мчыбжьык уаҟа сыҟан. Уи декабр мзазы акәын. Лаҭатәи атрагедиа ашьҭахь ҳаибашьцәа сыҽрымаздеит. Декабр 14 аҽны уахь днеит агәыҧ «Катран» аҿы медеиҳәшьас ирымаз Тома Кәакәасқьыр, уи аибашьра иаалагазар ҳаибашьцәа дрывагылан, дыҧсахтәын. Аибашьҩы (Џыџ ҳәа хьӡшьарас измаз) Ачагәаа (Кәтолтәуп) исеиҳәеит, уи лхаҭыҧан ауаҩы дшырҭаху, аха сара уахь сышьҭра егьырҭ ақәшаҳаҭымхеит, ибылшом, баҳзышьҭӡом рҳәеит. Сҽаҿысшьаауа саналага, Мераб Борис-иҧа Кьышьмариа азин ҟаиҵеит, иагьнациҵеит: «Банцо Џыџ бигоит, аха банаауа бшьапқәа рыла баароуп». Агәыҧ «Катран» аҿы снеит. Заза Занҭариа иакәын усҟан уи еиҳабыс иамаз. Февраль мзазы «Стрелец» ашҟа сиасит, уи акомандирс даман Баро Тапаҕәуа.
– Агәыҧқәа иҵегь шәааигәа иҟаз сзеиқәыбыҧхьаӡар сҭахын.
– Иҟан агәыҧқәа: «Аҧсны», Ҕәадаа ргәыҧ, Важьа Ашәба еиҳабыс дызмаз, Џьгьардаа ргәыҧ – «Чагьам», Гашик Аӡынба дзеиҳабыз. Лабра, алада итәан агәыҧ «Дельфин». Агәыҧ аҧшыхәрақәа рахь ианцоз ишырҭахӡамыз ҩынтәгьы срыццеит.
– Марина, бара амедицинатә цхыраара шбылшоз усла ибырҵабыргит, аха ашәара бышҧаиааиуаз?
– Сара аҭыҧҳацәа ҳаиҳа аҷкәынцәа еиҳа еиқәхалааит ҳәа акәын сышхәыцуаз. Сгәанала, аҷкәынцәа ҳахьрыцыз еиҳагьы ргәы арҕәҕәон, аҧҳәыс дшымшәо анырбалак. Аполк аҿы 17-ҩык ахәцәа сыман, сара схықәкы-абџьар аанкыланы хаҵаҵас аҕацәа нсырҵәоит ҳәа акәмызт, – ахәцәа рыцхыраара акәын.
– Ишәымазма ахәшә, ахьаахҽыгақәа, ахәцәа шәызларыцхраауаз?
– Иахәҭаз зегь абаҳамаз, аха ахәшәқәа. Излауаз ала ахәцәа срыцхраауан. Ахьаахҽыга анаҳзымхоз, ирыласҵазшәа ианызжьозгьы убарын, ргәы аларыжьжьарцаз.
– Марина, исҭахын абџьар аныбкызтәи хҭыск бгәалабыршәарц.
– Лабра ахыхь апозициаҿ ҳашгылаз ақырҭқәа дәықәлеит, иаабоит хыхьынтәи икаххаа, ҳара ҧшьҩык ҳауп иҟоу, аха ҳхьаҵуа ҳаҟазма. Пулемиот заҵәык ҳамоуп, убас автоматқәак. Баро Тапаҕәуа, Пипи Ҷавҷаваӡе, Ҭемо Лагәлаа, (Ҭемо усҟан 18 шықәса ракәын ихыҵуаз) ус рҳәеит: «Ҳара ҳцоит, бара пулемиотла анахь, арахь бхысла. Убас иҟаҵатәуп, ҳрацәаҩны ҳаҟоушәа ршьара иқәҟьатәуп. Ицеит рыхҩыкгьы, аха сара ҳпулемиот ашьапқәа сзеиҵыхуам, изулакь ахысра салагеит, ишысдырҵаз еиҧш. Ҭемо Лагәлаа иакәзар, дыҳәҳәон ибжьы неиҭак-ааиҭакуа ачечен ажәақәакгьы налаиҵон. Уи ҳаҕацәа арблаҟьеит. Хҩык атҟәацәа аагеит, абџьаргьы ҳауит…
– Марина, зегь реиҳа ибцәыхьанҭаз ажәылара иарбану?
–Цагера ахақәиҭтәразы ҳанжәылоз, сашьа, саҳәшьа, сара – ҳахҩык жәыларак ҳҽалаҳархәыр акәхеит, иашоуп, ҳхырхарҭақәа хаз-хазын, аха уи еиҳагьы ихьанҭахеит. Избанзар аӡы ҳазмырӡеит, арахь адәаҿы артҟәацгақәа ыҵан, сара сганахь уаҩ дҭамхеит, аха саҳәшьа дызцыз рахьтә иршьыз ҟалеит. Убра дҭахеит Аркади Чачхалиа, ансамбль «Шьараҭын» иалаз артист шьахә. Ажәылара аанкылан.
– Шәара Лабра акәын шәахьгылаз, исҭахын еилыскаарц, уаҟа инхоз аерманцәа шышәзыҟаз?
–Ҳара ҳгәыҧаҿ Лабра иатәыз ҧшьҩык аерманцәа ҳацын, аибашьра зегьы иҳацеибашьуан. Аибашьцәа рыфатә-рыжәтә азгьы Лабра иаланхоз изныкымкәа иҳацхраахьан.
– Марина, бара бырҵаҩын, иҟазма аибашьраҿ бҵаҩцәа аныбҧылоз?
– Лабра анаҳга, хыхь, ахәаҿы ҳтәан. Аҷкәынцәа анцоз исарҳәеит аӡәгьы дыбмышьҭын ҳәа. Хҩык аҷкәынцәа аасыдгылан, «ана ҳнеины ҳаароуп», рҳәеит, сара сыдҵа сзахыҧомызт, аӡәгьы дысмышьҭӡеит. «Вы не изменились, Марина Володиевна!» – ҳәа ҿааиҭит руаӡәк. Сихәаҧшызар, сҵаҩы Гарик Бебиа иакәын. Дабаздыруаз, иҧаҵақәа аужьны, еибашьҩы дук иеиҧш, саҧхьа дгылан. Ашьҭахь иара дҭахеит Цагера ахақәиҭтәраан. Тамшь, Ануаа рхәы аҿы акәзар, уаҟагьы сиқәшәеит сҵаҩы Лиова Делба.
Аиааира Амш аламҭалазы, сентиабр 28 рзы, Лабрантә ҳалбааит амҩаду ахь. Иазгәаҭатәу, аибашьраан ақәыҧшӡақәаҵәҟьа иаадырҧшит агәымшәара. Сара ҿыҕәҕәала исҳәоит, абџьар шьҭыхны ҳаҕа иҿагылаз ҳаҷкәынцәа зегьы фырхацәоуп ҳәа. Иаҧсоуп ахьӡ ду, агәалашәара.
Марина Колодиа-иԥҳа аибашьра ашьҭахь иаԥылҵеит аҭаацәара, лыԥшәма адыга ҷкәын Казбек Макаови лареи ирхылҵит ҩыџьа ахацәарԥар.
Иахьагьы лыжәлар рус дазааԥсоит, шықәса рацәала аус лухьеит аҿар реиҵааӡараҿы, уажәы Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы лхаҭыԥуаҩыс дыҟоуп. Аиааира ду амш дадныҳәало илзеиӷьаҳшьоит агәамч ӷәӷәа, лхы-лыԥсы дамеигӡа илыхьчаз лыԥсадгьылаҿ аизҳара !
Наира Сабекиа