Адныҳәалара

28 Абҵара 2024 07:07
Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны атәылауаа ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш. Уаҟа иазгәаҭоуп:

Ҳажәлар рахь

28 Абҵара 2024 07:04
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба телехәаԥшрала ҳажәлар ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш.
«Аҭоурых, аамҭа, аԥеиԥш» – абас хыс иаманы Аконституциа 30 шықәса ахыҵра иазкыз астол гьежь мҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизараҿы. Аусмҩаԥгатә иалагаанӡа иадырҳәеит Аҳәынҭқарратә Гимн.
Аԥсуа милаҭтә хаа-мыхаақәа иреиуоу ахәырмарҩа аҟаҵара иамоуп ахатә ҷыдарақәа. Уи арҩашьа ибзианы уақәшәароуп, хыхь ацәа кьакьаны, аҩныҵҟа ацха еиԥш агәы хааӡа иарҭны иҟаларцаз. Иаҵоузеи маӡас, ишԥарҩатәу ахәырма ииашаны, абри аилкааразы ҳарҭааит Оҭҳара ақыҭан инхо Аииаа рҭаацәара.
1994 шықәса ноиабр 26 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҿы аҵак дуӡӡа змаз ахҭыс ҟалеит. Убри аҽны Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылеит исуверену, идемократиату, изинтәу аҳәынҭқарра – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. 1999 шықәса октиабр 3 азы жәлары зегьы рыбжьыҭарала уи адгылара аиуит. Иара убри аҽныҵәҟьа атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә усбарҭа адепутатцәа далырхит Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me