Амеморандум рнапы аҵарҩит аминистрцәа Асҭамыр Логәуеи Сергеи Иаковлеви.
Аганқәа, ркомпетенциа аҳәаақәа ирҭагӡаны инарыгӡоит:
атуризм арӷәӷәареи арҿиареи;
атуризм иазку азакәанԥҵаратәи егьырҭ анорматив-зинтәи актқәа рзы адырранҵақәа реимдара;
атуризм иазку аԥышәа аимдара, аиҿкаарақәа русура аҳәаақәҵараҿы ирымоу адыррақәа реимдара;
атуризм асубиектқәа русеицура арҿиаразы аганқәа рыбжьара аимадара абжьаҵара, адгылара аҭара.