Анцәа ҳазшаз, иаԥсоу ажәларқәа царҭа анрымам аамҭазы ҷыдала иишаз ҵеи лашак дрызиргылоит. Уи аԥыза, ижәлар мрак еиԥш дырзыԥхоит, алашьцара иалигоит.
Аԥсуаа ҳнапсыргәыҵа ырчыхәчыхәны, ҳәыҳәҵас уи днаныԥрааит. Иҳәыҳә-мҵәыжәҩақәа ахьҿакыҵәҟьаз мчы маӡак рыҵаҵәахын.
Ари зегьреиҳа игәырҕьароу,насыҧла иҭәу,зегьреиҳа ҳаззыҧшыз мшын.Аҧсадгьыл ахақәиҭтәреи Аиааиреи Рымш.
«...Аԥсуа даԥсуаны даанхаразы, иахьала дахьынхозаалакгьы, Аԥсынтәылан дынха, мшын нырцә дынха, ԥхьаҟатәи иԥеиԥш мҩа иабацәа жәытә-натә аахыс аҳәынҭқаррақәа ахьаԥырҵалоз адгьыл иадҳәалазароуп»

Аиубилеитә ҭыжьымҭа

14 Лаҵара 2025 11:22
Иҭыҵит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 ш. аҵра иазку агазеҭ «Аԥсны» аиубилеитә ҭыжьымҭа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me