94 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ, Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, Аԥсни Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Адыгатәи (Черқестәи) аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, Аԥсны аҭҵадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьаз Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа.