Иҳаҩсыз ашықәс азы, Д.Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵраинамаданы ирылаҳәаз аусмҩаԥгатәқәа рхыркәшара шеиҿкаазгьы, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, иагханы акәзаргьы, ари аусмҩаԥгатә иацҵо, хаҭала, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла абзоурала, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны имҩаԥган, Д.Гәлиа иҩымҭақәа ирылхыз Алитература-театртә композициа «Аԥсы ҭоуп сара схәышҭаара» захьӡыз.