Есышықәса, цәыббрамза 27, асааҭ 19:00 рзы ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Ахьӡ-Аԥша апарк ахь иаауеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа рҳаҭгәынқәа рҿы агәалашәаратә цәашьқәа адыркырц.
Уи рхы аладырхәит ақалақьқәа Аладатәи Новгороди Аҟәеи рҟынтәи арра-патриоттә лагерь «Десантникс сҟалар сҭахуп» ааӡамҭацәа.
Ҭемыр Агрба аделегациа гәаартыла идикылеит, акыр зҵазкуа ари амш азы раара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ремзи Кәыҵниа – аибашьра зегьы дахысит. Изныкымкәа дхәын. Аснаипер, агранат аршәга ала ахысҩы , арота акомандаҟаҵаҩ, Мрагыларатәи афронт ахәбатәи абаталион ахԥатәи аполк аштаб аиҳабы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me