Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҟәа ақалақь аҟны Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ииун 21,асааҭ 9 рзы имҩаԥысит уажәшьҭа традицианы иҟалаз Жәларбжьаратәи амемориалтә акациа"Агәалашәаратә цәашьы". Уи азкын Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз ргәалашәара амш.
83 шықәса раԥхьа ииун 22 рзы иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду. Ари аибашьраҿы иҭахеит 27 миллионҩык инарзынаԥшуа.
Аԥснынтәи еибашьра ицеит 55 нызқьҩык. Урҭ рахьынтә изыхнымҳәз 17 нызқьҩык иреиҳауп.
Агәалашәаратә акациа иалахәыз ашәҭқәа шьҭарҵеит Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа. Иргәаладыршәеит минуҭктәи аҿымҭрала иҭахаз аибашьцәа. Анаҩс, акциа иалахәыз ажәа "Шәаҳгәалашәоит!"ацәашьқәа рыла иадыркит.