Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

30 шықәса уажәаԥхьа Аԥсны Урыстәыла абжьаҟазаратә мчқәа ралагалара ихацнаркит аԥсуа дгьыл аҟны акыраамҭа ҳаззыԥшыз аҭынчреи аҭышәынтәалареи, иҳәеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа.
«14 шықәса 70 нызқьҩык Урыстәылатәи аррамаҵзуҩцәа, аҳақьымцәа, аспециалистцәа Аԥсны имариамыз абжьаҟазаратә усура иаҵагылан. Урҭ иаадырԥшит ахаҵара, азанааҭдырра, иалдыршон аҭыԥантәи ауааԥсыра ршәарҭадара, рыхьчара, – иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Иахьа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара стратегиала аицхыраара, традициала аиҩызара аӷәӷәахара иаҿуп, ареспублика Урыстәыла уаҩы дзықәгәыӷуа адгылаҩ акәны ишыҟац иҟоуп, раԥхьатәи амшқәа инадыркны иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараҿы иадгылоит, иациҵеит Ахада.