"30 шықәса шҵхьоугьы, аамҭа акыр шахылахьоугьы, иахьаҽнеиҧш ҳабла ихгылоуп аҧсуа жәлар иҳхаагаз, ҳазлагылаз ашьаарҵәыратә еибашьра. Исгәалашәоит,аибашьра ианалага, нанҳәамзазы Аҟәа сшыҟаз, аибашьра ахҧатәи амш аҽны Аҟәа ааныжьны Ешыраҟа ҳцара. Ешыратәи ацҳа ҳанықәс, ҳахьцо ҳзымдыруа ҳашгылаз, ишызбаз Аҭараа рҭыҧҳацәа Гәындеи Жаннеи Кәыҵниа-ҧҳацәа. Уи акәхеит, лак-ҩакрада урҭ снарывагылеит," – абас ҳаиҿцәажәара хацыркуа, аибашьра атема алацәажәара акыр ишылцәыуадаҩызгьы лажәа дналагеит "Агәымшәаразы" амедал занашьоу, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, усҟан ахәра ҕәҕәа зауз, аҩбатәи агәыҧ иаҵанакуа аинвалид,15 шықәса раахыс Б.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҟны алагаратә классқәа рырҵаҩыс аус зуа Ельза Петиа-иҧҳа Кәыҵниа.
Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведев Имшира идиныҳәалеит.
Ауаажәларратә палатаҿы имҩаҧысит Ахада Аслан Бжьаниеи аоппозициа ахаҭарнакцәеи реиҧылара. Уи иалахәын Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада Инал Арӡынба, Ареспубликатәи ауаажәларратә еиҿкаара "Аҧснытәи амилаҭтә хеидкыла" ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба, Ареспубликатәи ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, Ареспубликатәи аполитикатә партиа "Аҧсны жәлар ракзаара Афорум" ахантәаҩы Аслан Барцыц, апартиа "Аҧсны" ахантәаҩы Витали Габниа.
М.С. Шьчепкин ихьӡ зху Урыстәыла Иреиҳаӡоу атеатртә ҵараиурҭа аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны аҧсуа курс – 15-ҩык астудентцәа (10-ҩык аҷкәынцәа, 5-ҩык аҭыҧҳацәа) аднакылеит. Урҭ ҧшьышықәса рыла Ф.Искандер ихьӡ зху адрама Аурыстә театр атруппа хадырҭәаауеит. Абри азы адырра ҟаиҵеит атеатр адиректор Иракли Хынҭәба Феисбук аҟны идаҟьаҿы.
Ажәытәан ауаа ҵарада ахшыҩ рыман, уи зырҵабыргуа аҧсуа ажәаҧҟагьы ыҟоуп, "Аҵара сасуп, ахшыҩ аҧшәымоуп" ҳәа.
Аха, аамҭа акыр ҧхьаҟа ицеит, ауаҩытәыҩса ихәыцрақәа, ихымҩаҧгашьа, инырра, идырра уҳәа аҽаҧсахит, еизҳаит, аҽарҭбааит. Ҳәарада, хшыҩла ихәыдоу аҵараҿгьы дымхьысҳахар залшаӡом, аха ауаҩы ахшыҩ имоуп мацарагьы азхаӡом, ахшыҩ аҧыжәара шагогьы, уи аҵарадырра анацым ихаҭәаам.
2022 шықәсазы Аҧсны аҧсуа-аурыстә археологиатә експедициа аҳәаақәа ирҭагӡаны ажәытә қалақь Гиуенос (Очамчыра) имҩаҧысуан аҧшаарақәа. Аҧсуа-аурыстә експедициа Аҧсны аусура хацыркын 2002 шықәсазы. Иара напхгара арҭоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы А.И. Џьопуеи Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Археологиатә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы, Мрагыларахьтәи аинститут аиҳабы ихаҭыҧуаҩ А.И. Скакови.