Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧсны асанитартә-епидемиологиатә станциа аҳақьым хадас иҟаҵоу Алла Белиаева напхгара зылҭараны иҟоу аколлектив дыдирдырит Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
«Алла Иван-иҧҳа, шәара анапхгараҭара шәыдҵоуп иҭышәынтәаланы, ҳәоуеиқәшәала аус зуа аколлектив. Ҳаидгыланы зыӡбахә ҳамоу аусбарҭа аусура аҩаӡара иҵегьы ишьҭаҳхроуп. Шәара ибзианы еилышәкаауеит агәабзиарахьчара аминистрра аҟнытә шәҿаҧхьа иқәгылоу аусгнагӡатәқәа. Ишеилышәкаауа еиҧш, аковид макьана имиасӡац. Адунеи аҟны ҩаҧхьа аҽцәырнагеит, убри аҟнытә агәҽанызаара аҭахуп. Ззанааҭ шьахәла издыруа аҳақьым шәзы ауадаҩрақәа шәнапахьы иаажәгап, аусурагьы иахьынӡахәҭоу еиҿкаахап ҳәа агәыҕра сымоуп», - иҳәеит аминистр.
Илырҭаз агәрагаразы иҭабуп ҳәа ахҳәаауа Алла Белиаева ахәҭакахьала иазгәалҭеит: «Сара сақәгәыҕуеит ҳаицхырааны асанитартә маҵзуреи ҳареи ҳҿаҧхьа иқәгылоу аусӡбатәқәа зегьы рынагӡара алҳаршап ҳәа».