Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин инапы аҵаиҩит 2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара Аҳәынҭпрограмма анагӡаразы Аиқәышаҳаҭра, – иаанацҳауеит РИА Новости.
Изыхәҭоу адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҟны.
«2014 шықәса ноиабр 24 азы Шәача рнапы зҵарҩыз аидгылареи стратегиала аиҩызареи рзы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара Аиқәышаҳаҭра арҿиара инамаданы, иҳабжьаҵан жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа. Урҭ рызкын ареспублика аекономика аиҭашьақәыргылареи уи ауааԥсыра рыԥсҭазаара аҩаӡара ашьҭыхреи рганахьала зегь рыла адгылара», – иарбоуп аилыркааратә нҵамҭаҿы.
Аилыркааратә нҵамҭа авторцәа ражәақәа рыла, Москва 2022 шықәса август 4 азы 2022-2025 шықәсқәа рзы ареспублика асоциал-економикатә рҿиара Аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни рыбжьара Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩын.
Аиқәышаҳаҭра ҟалароуп Аҳәынҭпрограмма аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы афинанстә цхыраара азҵаарақәа зырманшәалауа иаку ҳәынҭқаррабжьаратә еиқәышаҳаҭраны. Раԥхьаӡа иргыланы, уи азкуп ареспублика аекономика аусхкқәа рыдгылара, акредитҟаҵара асистема арҿиара, Аԥсны ашәахтәқәҵара асистема аԥҵара, «иара убас аиқәышаҳаҭра иахылҿиаауа Урыстәылатәи аган асоциалтә харџьтә хыдҵақәа ԥарала реиқәыршәара, атәылахьчареи, ашәарҭадареи, азинлеишәа алыршареи рганахьала ахыдҵақәа аалхны», – адырраҭара ҟаҵоуп аилыркааратә нҵамҭаҿы.