Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Игор Адлеиба техникатә нокаутла диааит Екатеринбург имҩаԥысуа апрофессионалтә бокс атурнир аиԥылараҿы Сардор Музаффаров.
Аринг аҟны еиԥылеит аԥсуа боксиор Игор Адлеибеи Узбеқисҭанынтәи Сардор Музаффарови. Урҭ 66,7 кг зкапануа рыҩнуҵҟа аа-рауднк мҩаԥыргараны иҟан. Аха аԥхьаҵәҟьа иубартә иҟан Игор иандаҭлоз иаасҭа акыр дшеиӷьыз.
Ҩ-раундк рышьҭахь Сардор Музаффаров иазыҟаҵаҩцәа аринг ахь инашьҭра мап ацәыркит, аӡбаҩ иакәзар, техникатә нокаутла Игор Адлеиба аиааира игеит ҳәа иԥхьаӡеит.
Игор Адлеиба изы ари ажәиԥшьтәи аиааира акәхеит. Уи абокс аҿы дцәырҵит 2017шықәсазы, ҩышықәса ааҵуаны аҿар рыҩнуҵҟа WBO адунеи дачемпионхеит. Аиԥыларақәа 16 мҩаԥигахьеит, аспортсмен 14-нтәы даиааихьеит. Ҩынтә еиҭахарала иқәгылара хиркәшахьеит.