Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Нестор Ҵышәба аиааира игеит аҧқьаҭмпыл асразы Тиументәи аобласт аҟны. Уи мҩаҧысит ноиабр 28 инаркны декабр 3 азынӡа. Аиҧылара иалахәын Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи 150-ҩык раҟара аспортсменцәа.
Нестор Ҵышәба дықәгылеит 9-10 шықәса зхыҵуа рыҩнуҵҟа, аиҧылара цонаҵы знызаҵәык даҵахеит.
Нестор – Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху Аҧсны Ареспубликатәи аҧқьаҭасратә школ адиректор, Аҧсны аспорт азҟаза, азыҟаҵаҩ Елизабет Акуциа лааӡамҭа иоуп.
Тиументәи аобласт аҧқьаҭмпыл Афедерациа излазгәанаҭо ала, ахәмарҩцәа рзы ари аҵак ду амоуп, избанзар аспортсменцәа қәҿиарала рықәгыларала рҟаҵарбақәа еиҕьыртәуеит. Анаҩсан дара рылҵшәақәа рыла, урҭ иҵегьы аицлабра дуқәа рхы рыладырхәырц рылшоит.