Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Никарагуа имҩаҧысит ажәларқәа рыфатә хкқәеи қьырсаныҳәа атрадициақәеи Жәларбжьаратәи рфестиваль. Уи иалахәын аконтинентқәа зегьы рҟнытәи атәылақәа 40 рхаҭарнакцәа. Афестиваль иаҭааит 25 нызқьҩык инареиҳаны.
Никарагуа акультура аминистр Луис Моралес Алонсо инаҧхьарала ацәыргақәҵа гәырҕьарала аартра рхы аладырхәит Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, Никарагуа иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа. Афестиваль аҟны ицәыргақәҵан Аҧснытәи аарыхҩцәа раалыҵқәа, аҧсуа милаҭтә цәашәҵатәқәа, иадырҳәон амузыка, Аҧсны иазку авидеоҭыхымҭақәа.
Аҧснытәи аҭӡы даара иргәаҧхеит аҭааҩцәа, интерессгьы иҟарҵон Никарагуаҟа Аҧснытәи атауарқәа рнагара, раахәара аганахьала иҟоу алшарақәа.
Ацәыргақәҵа официалла аартра ашьҭахь, Никарагуа аиҳабыра, иара убас аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа аҭааит Аҧсны аҭӡы, ирбеит аалыҵқәа ргьама, Аҧсны ахаҭарнакцәа ирыдырныҳәалеит афестиваль иахьалахәу, – иаанацҳауеит Аҧсны акультура апресс-маҵзура.