Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеижьҭеи 78 шықәса аҵра амшныҳәа мышқәак шагыз ақалақь аҟны дсықәшәеит саншьцәа ирыжәлантәу, сқыҭа гәакьа Ҭхьына иизиааӡаз, ҳарҭ Паз ҳәа заҳҳәо Иура Бигәаа. Акыр ҳаицәажәон, иаҳгәалашәаз рацәоуп. Ҳаицәажәараан ҳазааҭгылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду амш ныҳәа шааигәахо атәы. Уи дазааҭгыло Паз ицәыригеит аибашьра Ду аан иҭахаз ианшьа иӡбахә. «Сан рыцҳа лыла ҭраа есымша лашьазаҵә имҩахь дыҧшын, агәырҩа дафахьан», – иҳәеит илаҕырӡ нхаҟәҟәалан.
1945 шықәса лаҵарамза 9 азы асовет жәлар иргаз Аиааира егьа шәышықәса царгьы ахааназ ауаҩытәҩса ихамышҭуа, аҭоурых ианылаз хҭысуп.
Ари Аиааира агара 30 миллион ҩык иреиҳауп зыҧсы ақәызҵаз. Гәдоуҭа араион аҟынтә 6913-ҩык алахәын. Изымхынҳәӡеит 2365-ҩык. Урҭ рахьтә 1560-ҩык аҧсуаауп. Иҟоуп аҭаацәарақәа: фҩык, хәҩык, ҧшьҩык, хҩык, ҩыџьа ахьҭахақәаз. Имаҷӡам зынӡа ашәқәа ахьакыз.
Лассы-лассы акультура-устә ҭыҧ «Гәыма» имҩаҧысуеит еиуеиҧшым ацәыргақәҵақәа. Егьырҭ амилаҭқәа аӡәырҩы реиҧш, аҧсуа изы иалкаау аҭыҧ ааннакылоит ахш-хырҵәы, ашә. Арҭ амшқәа рзы араҟа имҩаҧган афермаҿы иҟаҵоу ашәқәа рцәыргақәҵа.
Уи иалахәын ашәеилаҵара знапы алаку 8-ҩык аҭыҧҳацәа. Асеиҧш иҟоу аџьармыкьа, хаҭала ашә хкқәа ирызку мҩаҧысуеит ара ҩынтәны.
Ицәырызгарц исҭаху азҵаара сгәы иҵхоижьҭеи акрааҵуеит. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы журналистк лаҳасаб ала акәымкәа, ҩыџьа ахшара зааӡо анык лаҳасабала. Иахьатәи аҭаацәа проблема хаданы раҧхьа иқәгылоу акакәны иҟалеит агадџьетқәа ахәыҷқәа раҧыргара. Аха ари апроблема инавагыланы ицәырҵуа акакәны иҟоуп иахьа аҿар рыҩнуҵҟа ахархәара рацәаны изауыз аелектронтә ҭаҭын ахара. Аҿар рымацара ракәӡам, даараӡа рхыҧхьаӡара рацәаҩуп ахәыҷқәагьы.
Аҧсуаа ҳџьынџьтәылатә еибашьраҿы аҵеицәа гәымшәақәа азгылеит Река ақыҭангьы. Рекаа рыҷкәынцәа аибашьцәа рыӡбахә анаҳҳәо, еснагь ҳгәалашәараҿы дыҟазаауеит Аҧсны ахьчаразы фырхаҵарыла иҭахаз, 23 шықәса зхыҵуаз Роман Шьаҭикәа-иҧа Кәартаа. Роман август 14 аҽны абџьар шьҭызхыз дыруаӡәкын, уи иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амш аҽнынӡа деибашьуан. Аибашьратә ҧышәагьы иман, избанзар 18 шықәса анихыҵуазгьы Афганисҭантәи аибашьрагьы далахәын, убри араҟа иҧсадгьыл гәакьаҿы аибашьра амца анакы иҩызцәа рҿы иаҳагьы агәрагара иоуит. Аха инамӡеит иара игәҭакы иҩызцәа дрылагыланы Аиааира амш аҧылара, аҕа хәымга ихы цаҳә-цаҳә игәаҵҕа ҿнаҵәеит. Роман дҭахеит, аха уи дызхьымӡаз игәҭакы – Аҧсны ахақәиҭтәра ҳара иҳалҳаршароуп ҳәа игылоуп уи иашьцәа Резои Ерики.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла иҟаз ахынҭаҩынҭарақәа ареспублика апрезидент Гамсахәрдиа иахҳәарахьы икылыргеит. Уи ашьҭахь иаҧҵаз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ахантәаҩыс Шеварднаӡе днеит, уажәы Қырҭтәыла ахадас дыҟоуп. Уи амчрахь даннеи нахыс итәыла, ақырҭуа жәлар бзиарак ахь икылигап ҳәа сгәы иаанагон. Аха аҭынчра ацымхәрас – ари «адемократ» еибашьрала иҭыҧ ахь дышнеиз еиҧш, иҽанышьақәирҕәҕәа Аҧсны аибашьра далагеит. Ҳажәлар ашьаарҵәыра илаиргылоит, ааха ижәларгьы бзиарак димырбеит, зықьҩыла рҵеицәа ҭахоит. Даҽакала ҟалашьа амоума, афашизм аазырҧшуа ҧсышьа цәгьа иоуеит.