Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит «Бла иабохы иаҧсоуп» ҳәа. Аиашазы, ауаҩы иага агәабзиареи агәамч ҕәҕәеи имазаргьы, уи иблабара аницәыӡ – данылашәха, «дуаҩыбжаҵәҟьоуп», аҧсҭазаара иара изы иҵакыдоуп…
Леон иорден занашьоу аибашьра аветеран Заур Ахба, 23 шықәса ракәын ихыҵуаз Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагоз. Ҳаиҿцәажәараан излазгәеиҭаз ала, аррамаҵзура шихигахьазгьы, 5-нтә рыда абџьарла дымхысӡацызт. Аибашьра иалагаанӡа аус иуан машьынаныҟәцаҩыс Алашарбага автоколонна 2654 аҟны.
Ахәыҷы аҭҳарцәҳәа ацәа даалҵын, дҩагылт. Еимгеимцарак иалыршаны деиҵақыџьқыџьуа ихы инаркны ишьапаҟынӡа ахьҭа ҩаилсит. Иҽааирххеит. Ицәеижь, иҟәартәрақәа, имахәарқәа, ишьахәарқәа ахәшеиҧш иӡыҭны аҧхарра нрыбжьалеит. Аха уеизгьы ахәыҷы ахьҭа нагӡаҵәҟьаны изилымцеит. Насоуп, уи даназхәыц иахантәарак ахьҭа дшакәаз мацара ширшаз, дахьышьҭазгьы цқьа изивамыџьгәаз ихыза кәамҟьа хәыҷы иавҵышәшәаны иҵааршәха иуаҭәа хәыҷқәа шыҭнарҧсаауаз аҧша. Усҟан ахәыҷы дҳәаҵәыҳәаҵәуан, ицәеижь ауразароу ахьҭа аныруан. Иацы иааигаз афархь лабыҵәқәагьы амца ишнақәиҵаз инақәыццышә ицеит. Аҩны ҧхаррак ҳәа аарзыҩнамҵеит…
Адунеи иақәлахо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ауаҩы мышкы зны идунеи иԥсахуеит усгьы. Убас еиԥш иҟоуп ауаҩытәыҩса иԥсабара. Ихадароу зыдунеи сыԥсахыз ижәлар ргәаҵаҿы иаанижьыз иԥхарреи иуаҩреи, иус лашақәеи иџьабааи роуп.
Амш кыдҵәон. Иааихыккеит. Ақалақь-Фырхаҵа Гәдоуҭа агәҭаҿы хәыҷи-дуи еизон. Р. Дасаниа ихьӡ зху акультуратә Хан афырхаҵаратә ашәақәа ҩныҩуан. Лаҵарамза 14, 1945 шықәсазы Ешыра ақыҭан диит. Иҧсы ҭаны дыҟазҭгьы, 78 шықәса ихыҵуан. Убри инамаданы, Гәдоуҭа араион иқәынхози, ауаажәларратә, апатриоттә хеилакқәа злахәыз аиҧылара мҩаҧган.