Ҳгәыӷреи ҳԥеиԥши…

03 Ԥхынгәы 2023 14:11

Шьала еиқәырхоу ҳтәыла аполитикатә хьыԥшымра аҽҳәаақәнаҵеижьҭеи абар, сынтәа х-жәашықәсак ҵуеит, ҩымз рнаҩс. Зынӡа ирацәамзаргьы, имаҷцәоуп ҳазҳәарым ари аамҭа. Убри аҟнытә, есымшааирагьы ҳауаажәларратә бзазараҿы иҵарны иқәгылоит ҳҳәынҭқарра аекономикатә ҭагылазаашьа азҵаара.

Абаҩхатәра анарха

30 Рашәара 2023 11:41

 

Ақыцә азҟаза ихатә дунеи агәылаҧшроуп, ирҿиаратә мҩа уанҧшылароуп, иааинырсланы, унадыххылангьы ухаҿы иузаагом, избанзар, ҷыдарак аҵубаауеит.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еиба­шьра аҟны Аиааира сынтәа ҩажәи жәаба шықәса ахыҵуеит.  Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага аҧсадгьыл ахьчаразы аӡәк иеиҧш игылеит Аҧсны аҵеицәа. Урҭ рзыҳәан гәыҩбара ыҟаӡамызт аиааира шыргоз азы. Избан акәзар, ирыхьчон рыҧсадгьыл, рыҩны, рҭаацәа.

Жәытә-натә ахшара рацәа зааӡоз аҭаацәарақәа ҳаҭыр рықәын. Ахәыҷы рацәа ахьыҟаз ашҭақәа рҿы еснагь агәырҕьабжь ҭыҩуан.

Ҳәарада, 30 шықәса раҧхьа  ҳажәлар зҭагылаз, ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа ирхыргаз, рхы-рыҧсы ақәҵаны рџьынџь шырхьчоз атәы еиҭаҳәашьа амам. Аха есааирагьы иуадаҩхо иалагеит аибашьра аӡбахә алацәажәара…

Ззанааҭ зыҧсҭазаароу

22 Рашәара 2023 13:29

Ишдыру еиҧш аҟазара ахырхарҭақәа акырӡа ирацәоуп. Иарбанызаалак иара ахатә знеишьа амоуп. Аҟазара ауаҩы дазааигәазар ҩнуҵҟала, иаразнакы инапахьы аагара илиршоит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me