Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ааигәа Аҟәатәи ацхырагӡатә школ аҟны имҩаҧысит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә семинар. Уи азкын зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа аҵаратә процесс рылааӡара атема.
Ажәлар ркультура ашьҭыхразы иаҭахуп аҟазара злоу ауаа хатәрақәа, урҭ шаҟа ирацәаҩу аҟара ҳахьӡ адунеи иахыҵәоит. Убасеиԥш зкультура ҳараку, аҟазара ҷыда злоу ҳакәны адунеи ҳахзырҵәаз ируакуп, ираԥхьагылоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә зҽаԥсазтәыз ашәаҳәареи аќәашареи рансамбль.
Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа… Аибашьра ҟалаанӡа ари ақалақь ԥшӡаҿы инхоз аԥсуаа хыԥхьаӡарала имаҷын. Еныкь Ҭодиа Шәлиман-иԥа еицырдыруаз, ипатриотыз, зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы ирҳәоз аԥсуа хаҵан.
Аԥсны ицоз аполитикатә еибырххарақәа еснагь дрылахәын.
Ахьҭа ӷәӷәа иҟазгьы иннамкылакәан А. Вампилов иҩымҭа «Аԥеиҳаб» иалхыз аспектакль апремиерахь инеиз аҟазара абзиабаҩцәа С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа Аҳәынҭқарратә драматә театр азал дырҭәит.
Ахәаԥшцәа ргәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшыз, Аҳәынҭқарратә аҿар театр актиорцәа аԥардақәа анааимҟьа лассы асценахь иаацәырҵит.
Ашәҟәыҩҩы, апублицист Шамиль Ибрагим-иҧа Хокерба диит (20.01.1899) Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Очамчыра ақалақь аҟны – иԥсҭазаара ҿахҵәеит Лагодехи, Қырҭтәыла, 1942 ш.).
Ажьырныҳәамза 13 – 14 рзы Москва имҩаԥгаз аҟазара адунеи ачемпионат «Адунеи аҟазара» иахәҭакыз жанр рацәала еилаз жәларбжьаратәи афестиваль «Лидеры России» аҟны, Едуард Бебиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» аҿы иаԥҵоу ахәыҷтәы ахореографиатә студиа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Анжела Дбар напхгаҩыс дызмоу «Иааирума» иреиҳаӡоу аԥхьахә «Гран-при» иахьаԥсахаз, иалахәын убасгьы ҳешьаратә жәларқәа иреиуоу аедыгьақәа рхаҭарнакцәагьы, Адыге-Хабль араионтә культуратә хан аҿы иаԥҵоу ахәыҷтәы ахореографиатә гәыԥ «Радуга» ҳәа хьӡыс измоу. Уи напхгаҩыс дамоуп Абдокова Инесса Хазраил-иԥҳа. Аицлабра аҟны ансамбль «Радуга» иқәдыргылаз: авальс «Нежность», ҳаамҭазтәи акәашара «Коралловый феерверк», адебиуттә кәашара «Девичий танец» рзы иранашьан афестиваль аԥхьахә I аҩаӡара.
Адыге-Хабль араион ахадара аиҳабы Астежев Мухтар Темир-Булат-иԥа ахәыҷтәы ансамбль «Радуга» ирыдиныҳәалеит, ирзеиӷьишьеит аԥхьаҟагьы аизҳара, ақәҿиара дуқәа.
Саида Ҳаразиа