Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Март 27 азы Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба атеатр аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит рзанааҭтә ныҳәа – атеатр Жәларбжьаратәи амш.
«Ари асцена азҟазацәа рымацара ракәымкәа, аҟазара абри ахкы ҷыда абзиабаҩцәа зегьы ирныҳәоуп.
Иахьа алшара ҳамоуп атеатртә дунеи ԥшӡа иамадоу ауаа ҭабуп ҳәа раҳҳәарц азы. Шәара алагаламҭа ду ҟашәҵоит аԥсуа хәаԥшҩы гьамала, цәаҩабзиала иааӡараҿы, шәара шәырҿиара агәацԥыҳәара унаҭоит, агәҭахәыцрақәа рахь ухы дырхоит, иудырҵоит аԥшӡара абашьа, аҟазара аилкаашьа», – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Иахьа қәҿиарала аус руеит ԥшь-театрк – С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Ф.Искандер ихьӡ зху адрама Аҳәынҭқарратә аурыс театр, аҿар Рҳәынҭқарратә театр, Шә.Ԥачалиа ихьӡ зху акомедиа Тҟәарчалтәи атеатр.
Бадра Гәынба атеатрқәа рколлективқәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, арҿиаратә аартрақәа, ахәаԥшыҩцәа рыбзиабара.