Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ацәыргақәҵарҭатә зал хада ахыбраҿы абылра иацәынхаз аҭыхымҭақәа еилдыргоит Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимова лнапынҵала Урыстәылантәи иааз аиҭашьақәыргылаҩцәа ргәыԥ.
Аделегациа напхгара алҭоит Урыстәыла акультура Аминистрра амузеиқәеи адәныҟатәи аимадарақәеи Рдепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Наталиа Чечель.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа араион актив дыдирдырит араион Ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаҵоу Рауль Лолуа.
Аибардырра рхы аладырхәт Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Абесалом Кәарҷиа.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ианвар 22 азы аилацәажәара мҩаԥигеит Аиҳабыра иалоуи азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи алархәны. Амш аусхәаԥштә аҟны иқәгылан Аҟәа, Ацәыргақәҵарҭатә зал хада ахыбраҿы ааигәа иҟалаз амцакра инамаданы хра злаз азҵаарақәа, иара убас абылтәи аенергетикеи рганахьала аҳәынҭқарраҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.
«Амҵәышә аҵа амца акны ибылуан, ахәҵәы амахә иахьаҿарҧаз азхара изыччомызт, иаздырӡомызт амца қьоуқьад иара аҟынӡагьы ишнеиуаз рҳәеит». Ари аҧсуа жәаҧҟа лассы-лассы исгәалашәалоит. Избанзар, иара даара ибзианы иаанарҧшуеит ҳҟазшьа. Ҳашџьеибашьоз, ҳшеизымӡырыҩуаз, иахьа иачҳап, нас уаҵәы иҟаҳҵап ҳәа иахыго ишааҳгоз амилаҭтә мазарақәа иреиуаз, амилаҭтә ҟазаратә доуҳа нықәыццышәаа ицеит.
Адыгьеиа, Маиҟәаԥ ақалақь ареспубликатә милаҭтә музеи аҟны имҩаԥысит 85 шықәса раԥхьа, Париж иҭыжьыз, адыгақәа ретникатә ҭоурых азҵаарақәеи ахырхарҭақәеи жәпакы инарҵауланы иаазырԥшуа «Ачерқьесқәа рхылҵшьҭра» ҳәа хьӡыс изауыз Аитек Намиток ишәҟәы аӡыргара.
«Шьашәы-Аҳахь Ду, абжьныха! Зҳәа неиуа, зуы ылҵуа! Шаҟа хәыӡи шылеи еилоу аҟара мши, насыԥи, гәабзиареи Шьашәы ишәиҭааит!»
«Ажьырныҳәа» аԥсуара иахәҭакуп. Кавказ ажәларқәа рыбжьара аԥсуаа реиԥш аӡәгьы иҳаракны ирымаӡам. Ажәытәан Ажьира анцәахәы Шьашәы-Абыжьныха ҳәа ишьҭан. Уи иаанагоз аԥсуаа рыбжьныха рымч еидызкыло Шьашәы иоуп ҳәа акәын.