Аԥсны абираҟ Амш

22 Ԥхынгәы 2024 11:27

Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа  Аҟәа еиҿкаахоит.

Асааҭ 19:40 рзы Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҟнытә Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟынӡа абираҟқәа кны аныҟәара мҩаԥгахоит.

Асааҭ 20:00 рзы атеатр ашҭаҿы аҟазаратә коллективқәеи аестрадатә артистцәеи злахәу аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит.

Зхатә ҷыдара змоу, зегь реиҳа ицқьоу аӡыхьқәа рхы ахьыҵырхуа, аԥсуа мца жжаӡа иахьеиқәу ақыҭа даҽакы иалаҩашьом. Араҟа ауп ааԥсара зқәым анхаҩы адгьыл дахьықәаарыхуа, арахә ахьиааӡо, ишьхымзагәара «аҽыуаҩ дызрыкәымшо» иахьгылоу.

Шьыбжьон. Аҩны ашьҭахь ашәшьыра сыҵатәан ашәҟәы сзыԥхьоз сарааԥсан насҭха иқәысҵеит. Сылаԥш нарыдхалеит амра ашәахәа зқәыԥхоз сабдуи, уи иаби, ааигәа здунеи зыԥсахыз, саныхәыҷыз сзааӡаз сандуи рҳаҭгәынқәа.

«Аҟәа Опен – 2024»

20 Ԥхынгәы 2024 10:11

Ашахмат Жәларбжьаратәи амш аламҭалаз, Аҟәа Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҟны иаатит, 100-ҩык инареиҳаны Аԥсны араионқәеи Урыстәыла ақалақьқәеи рҟнытә, уи аспорт хкы иазҿлымҳау ахәыҷқәеи аиҳабацәеи еидызкылаз, есышықәсатәи Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Опен-2024».

Агәырӷьаратә мшы

20 Ԥхынгәы 2024 09:52

Иахьа 50 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, "Кәыдры ахақәиҭтәрази" "Аиааирази" амедалқәа занашьоу, агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Анқәаб Ахра Владимир-иԥа.
Диит 1974 шықәсазы ԥхынгәымза 20 рзы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан.

Зхаҵарашәа ҿырԥшыгоу

19 Ԥхынгәы 2024 11:46

Иҳаҩсхьоуи иҟалашеи еиҟәыҭхашьа рымам. Ажәлар ражәа баша иаламзар акәхап, зҭоурых зхашҭыз ԥеиԥш имам ҳәа зыхшыҩҵак ҵаулоу аҳәахьагьы.

Ҳажәлар ианакәызаалак ҳаҭыр рзақәын аҭоурых, ҳазхылҵшьҭроу рдоуҳа иаҟәырҷахоу агәалашәарақәагьы уи иахәҭа хадоуп. Ауаҩы ԥхьаҟатәи иԥеиԥш иҳдырра ианыԥшуазарц ииасхьоу аамҭақәа ргәалашәара имырӡуазароуп, урҭ рахьтә алкаақәа ҟаҵаны идунеиеилкаара шьақәиргылаларц.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me