Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсуаа еснагь ирыман Анцәа иахь ахаҵара. Ианаамҭоу имҵаныҳәон, игәра ргон, иагьицәшәон.
Аԥсуаа ирымоу аныҳәарақәа даара ирацәоуп. Сара салацәажәар сҭахуп аԥхын алагамҭаз имҩаԥырго, ацуныҳәара захьӡу. Убасгьы иазгәасҭар сҭахуп зегьы еиԥшымкәа ишыҟарҵо. Уи зыхҟьо ҳәа инҭкааны аҭак ҳаздырӡом.
Бзыԥаа рҟны, хаҭала ақыҭа Мгәыӡырхәа ишымҩаԥырго салацәажәоит.
Иҟоуп аҭыԥ ҷыда, ацуныҳәа ахьымҩаԥырго, избан уи аҭыԥ аҿы изымҩаԥыргои ҳәа ҳҵаауазар, алегенда иадҳәалоуп. Дныҳәоит Гәбаз зыжәлоу, зықәрахь инеихьоу абырг. Аҳәсеи ахацәеи рҭыԥқәа хазуп. Аныҳәара ахьымҩаԥырго аҳәса неир ҟалаӡом, убри азы хаз ҭыԥны итәоит араса бӷьы шьҭаҵаны. Ачанах рхы иадырхәаӡом, аҳәса ахаа-мыхаа наргозар, ахацәа рҟны уи аҩыза ҟалаӡом. Урҭ ашьтәа иршьыз, абысҭа, аџьыкахыш, аҩы ада уаҳа акгьы рымаӡам. Абырг данныҳәалак ашьҭахь аҳәса ахьтәоугьы инеины иныҳәоит, хәылбыҽханӡа еидтәалоуп, анаҩс афатә иаанхаз адырҩаҽны инеины ирфарц рылшоит. Убасгьы иазгәаҭатәуп есышықәса аӡәы ишидырҵо уи амҩаԥгара. Иаанаго уи ауп аԥара аизгара, ашьтәа аахәара, иаҭаху зегь аиҿкаара. Анаҩс издырҵогьы уи аҽны далырхуеит.
Ацуныҳәара зымҩаԥырго аамҭа бзиа ҟаларц, ианаҭаху ақәа ауларц, аарҩара ҟамларц азы ауп. Уи аҽны аимак-аиҿак ҟалаӡом, мыцхәы арыжәтә ажәра ауам, иакәым аҳәара, ишахәҭам ахымҩаԥгара уҳәа иаҵоу акәамаҵамақәа рацәоуп.
Абарҭ аныҳәарақәа имҩаԥаҳго сгәаанагарала аҵак ду рымоуп. Ишахәҭоу инагӡалатәуп, ҭакԥхықәрала ҳазнеироуп, избанзар ҳкультура иадҳәалоуп, убри инаваргыланы амч дугьы аҵоуп.
Зҭоурых беиоу ҳажәлар еснагь зыгәра ргоз Анцәа, иахьа игәрагара џьоукы-џьоукы ирцәыӡуа иалагазшәа агәаанагара узцәырҵуеит, ақьабз амҩаԥгашьақәа уаназхәыцуа. Сгәаанагарала, аинтернет ацәырҵра, уи ауаа рыхдырра аԥсахра иахьаҿу иадҳәалазаргьы ҟалап. Избанзар асоциалтә ҳақәа рҿы иаабо инамаданы, иҳаҳауа ҳдунеихәаԥшышьа аԥсахуеит.
Аԥсуаа ажәаԥҟаны ирҳәоит «Акы ахьырҳәо акы ыҟоуп» ҳәа. Шықәсырацәала ҳажәлар имҩаԥыргоз аныҳәарақәа аҵак ду рымоуп, урҭ рынагӡара, рхаҵара ҳаҟәыҵыр Д. Гәлиа ифырхаҵа Хоџьан-ду ихьыз ҳахьыр ҟалоит.
Милана Ажьиба,
ААУ афилологиатә факультет
ажурналистика аҟәша
аҩбатәи акурс астудент
Аԥсуа ҭоурых иагәылаку адаҟьақәа, иара убас иахьатәи аамҭазы нбан-нбанла зҽеизызго аҭоурых иаҳнарбоит аԥсуа даԥсуаны дҟазҵо уи имилаҭтә ҷыдарақәа шракәу. Иԥсадгьыл, ибызшәа, икультура иузырҟәымҭхо ирыдҳәалоуп аԥсуа ихаҿра аазырԥшуа амилаҭҭә хәмаррақәа. Уи аԥсуа имилаҭтә беиара иацызҵо малуп.
Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр аҿы еиҿкаауп аҿыхаҵаҩ Ольга Зелинскаиа лцәыргақәҵа.
Ольга Зелинскаиа диит, дааӡеит Аԥсны, далгеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, уи ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿыханҵаҩ изанааҭ ала. 2002 шықәса раахыс дынхоит Москва, аҿыханҵаҩ-дизаинерс аус луеит.
Сынтәа 70 шықәсатәи лиубилеи азѓәалҭоит зыԥсҭазаара абжеиҳарак арҵаҩра, ааӡара иазызкыз Мзиа Арзаман-иԥҳа Коӷониа.
Анра, арҵаҩра, ауаҩра – абарҭ аҟазшьақәа зегьы еилазыгӡаз лоуп сара уажәы сзыхцәажәарц исҭаху.
Хәылԥазыла алашьцара иалыҩны иааҩуеит аԥсаатә рыбжьы. Аԥсабара еишьылӡа ацәара аҽазнархиоит. Аеҵәақәа роуп ари аҵх ҷаԥшьаҩцәас иамоу, ауаа рыгәқәа рҭынчны амш иалагӡаны иҟарҵаз русқәа ирызхәыцуеит.
Абас еиԥш аҭынчра зҩыдаӡа иҟоуп стәылаҿы иахьа.
Лыхны ақыҭан 40 ҭаацәара инарзынаԥшуа ауааԥсыра ахьықәынхо Аџьамҽыӷра ақыҭан Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала афымцамчтә еимадарақәа реиҭашьақәыргыларазы аусура дуқәа мҩаԥысуеит.
Шықәсырацәала ақыҭа ауааԥсыра есыҽнытәи ауадаҩрақәа рызцәырызгоз афымцамчы еимадараҿы амчхара азымхара иадҳәалоу апроблемақәа ирықәшәон.
Лыхны ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Бганба ишазгәеиҭаз ала "афымцалашара аҭагылазаашьа даара ицәгьан, зынӡа имаҷын". Ауадаҩрақәа рцәырҵра атрансформатор аидара ахьазышьҭымхуаз ауп изыхҟьоз.
Иахьа афымцамчы еимадара аусзуҩцәеи урҭ реиҳабы Ахра Гагулеи рџьабаа иабзоураны аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит. Уи иажәақәа рыла, афымцамчтә цәаҳәа ажәытәра иахҟьаны, ақыҭа ауааԥсыра акыраамҭа ауадаҩрақәа ирықәшәон.
Адгьылҭыԥ ауадаҩрақәа шцәырнаго инаҵшьны иазгәеиҭеит Гагулиа, аха аспециалистцәа рџьабааи аҭыԥантәи ауааԥсыра иаадырԥшуа аилкаареи рыбзоурала, апроект қәҿиарала анагӡара мҩаԥысуеит.
Уажәазы, аҵаргыла ҿыцқәа 21, 160 кВА амчхара змоу ҳаамҭазтәи атрансформатори шьақәдыргылеит. Ацәаҳәа ҿыц аура километрак аҟара ауп.
Аҭыԥантәи ауааԥсыра аԥсахразы иҭабуп ҳәа рҳәеит. Урҭ руаӡәк Фарид Кобахьиа ақыҭа ԥсҭазаара аҿиаразы аинфраструктура иамоу аҵакы азгәеиҭеит. “Аԥсуа нхаҩы ҭынч дынхаларц, аус иурц азы, афымцамч бзиеи, амҩеи, аӡи имазар ауп”. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәалаз апроблемақәа жәашықәсала ишыӡбамыз.
Уи адагьы, ақыҭауаа ҭабуп ҳәа иарҳәоит Аԥсны Ахада иҟаиҵаз адҵақәеи ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адгылареи рыбзоурала ас еиԥш акыр зҵазкуа аусура ахьымҩаԥысуа азы. Урҭ иазгәарҭоит, аҳәынҭқарра ацхыраара ҟамлакәа, арҭ апроблемақәа акыр шықәса иӡбамкәа иаанхар шалшоз.
Афымцатә еимадара амодернизациа иадҳәалоу аусурақәа Лыхны ақыҭаҿы анхаратә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәра иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа рыхәҭак мацара ауп, уаҟа иара убасгьы амҩақәа рырҽеира, аинфраструктура аиӷьтәра мҩаԥысуеит.
Аманда Анталаа