Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа  Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аҵарауаа ҿарацәа рхеилак аилатәара ихы алаирхәит. Уи   мҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр аҟны.

Сентиабр 15 азы диижьҭеи 90 шықәса ҵит аҭоурыхҩҩы, археолог-кавказҭҵааҩы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гьаргь Кәыҷа-иԥа Шамба (15.09.1934 – 06.10.2006). Археолоиаҿы илагаламҭа, аамҭак иҳацану уи дшыргәалашәауа атәы далацәажәеит Аԥсныпресс иаиҭаз аинтервиу аҟны Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҭоурыхтә факультет адекан Алик Николаи-иԥа Габелиа.

Ахрик Цәеиба имба

16 Цәыббра 2024 09:26

Дыҟамзар ҟалап, ахәыҷра ашықәсқәа раан агәарԥ аҿы, ма ашьац иаҵәа қашә-қашәо изқәиааз дәҳәыԥшк аҿы ампыл зшьапы ахьмыркьыскәа изызҳауаз. Ақәыԥшра зеиуахкы уҭаху ахәмаррақәа ацуп, аха зегьраԥхьа игылоуп ампыл кәымпыл. Уи зыркәымпылыз зегьы шьапылампыласҩцәахом, ахшыҩгьы, амаанагьы, маха-шьахала аӷәӷәарагьы аҭахуп.

Цәыббрамза 8 инаркны 14-нӡа Краснодар имҩаԥысуаз абокс азы аицлабрақәа рҟны 19-40 шықәса зхыҵуа рыбжьара аџьазтә ԥхьахә даԥсахеит Аԥснытәи аспортсмен Игорь Адлеиба.
Игорь дықәԥон зыкапантә категориа 71 кьыла иҟоу рыбжьара. Зыҟаҵаҩс диман Беслан Адлеиба.
Ачемпионат рхы рҽаладырхәит Урыстәыла арегионқәа 7 рҟынтәи 87-ҩык аспортсменцәа.


Аманда Анталаа

Саид Ҳагбеи Милена Ҭачулиеи Баиконур имҩаԥысуаз VII ақалақьтә фестиваль “Ажәларқәа реиҩызара” рхы аладырхәит.
Ажәларқәа реиҩызара афестиваль есымша имҩаԥысуеит ҭагалан аҭыԥантәи акосмодром аҟынтәи аракета адәықәҵара аламҭалаз. Сынтәа Аԥснынтәи иааз аделегациа Урыстәылатәи акосмостә ӷба Соиуз-МС-26 ажәҩан ахь ашьҭра абара рылшеит.
Аԥснытәи аделегациа Ҟазахсҭан аҭаара ҳазҭоу ашықәс март мзазы Сириус ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль иабзоуроуп.
Аныҟәара еиҿкаан Баиконур ақалақь Ахадара ааԥхьарала.


Аманда Анталаа

Аԥсуа спортсменцәа инарылукаашаз, апатриот, зыԥсҭазаара зегьы зыԥсадгьыли аспорти ирзызкыз Саида Капас-иԥҳа Гәынба лыԥсы ҭазҭгьы сынтәа илхыҵуан 65 шықәса.
СССР аспорт азҟаза, ачемпион, XXII Москватәи Аолимпиатә хәмаррақәа раԥхьахә згаз, аԥхынтәи жәларбжьаратәи аспартакиадаҿы аиааира згаз, аҳәса рыбжьара Европа акубок афиналбжа аҟны аԥхьахә зауз, «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара занашьоу, аԥсадгьыл ахьчараз зхы иамеигӡаз, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Саида Капас-иԥҳа Гәынба диит нанҳәамза 30, 1959 шықәсазы.
Саида Гәынԥҳа аҵара лҵон Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аҟны. Саида ашкол данҭаз инаркны аспорт бзиа илбон. Иара убасгьы, аспорт аганахьала ақәҿиарақәа аалырԥшуа дахьалагазгьы уаҟоуп. Абжьбатәи акласс ахь даннеи, Оҭар Гогәуа иазыҟаиҵоз тхеквондо ITF агәыԥ ахь дрыдыркылеит. Саида Гәынԥҳа ашкол далгаанӡагьы лазыҟаҵаҩ Аԥсни Урыстәылеи рҟны имҩаԥысуаз еиуеиԥшым аицлабрақәеи, ачемпионатқәеи рахь дишьҭуан. Ларгьы лус аҟны еиҵахарак ҟамҵакәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанылкылон.
1974 шықәсазы Саида Гәынԥҳа атлетика лас ахь диасит. Уаҟа Михаил Карп-иԥа Каракеиан инапхгарала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан.1976 шықәса инаркны 1981 шықәсанӡа аҵара лҵон Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә абаҩрҵәыратә институт аҟны. Уаҟа Илиа Константин-иԥа Гигаури иакәын лазыҟаҵаҩыс иҟаз.
Саида атлетика лас СССР акоманда далалеит 1977 шықәсазы. 1978 шықәсазы –Рига, СССР ақәыԥшцәа рыбжьара аԥхьахә лгеит. 1979 шықәсазы – СССР аԥхынтәи жәларбжьаратәи аспартакиада ачемпионс дҟалеит. Иара убасгьы, убри ашықәсан Нидерланды, Европа акубок афиналбжаҿы даиааит. 1980 шықәсазы акәзар, Токио аиндаҭлараҟны далкаахеит. Анаҩс, уи ашықәсан имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны лхы рылалырхәит. Уаҟа абҵы лыршәит 67,76 метра. Иланашьоуп араӡнытә медал. Абҵы аршәраҟны лхатә рекорд 68,28 метра ыҟоуп, уи шьақәлыргылеит 1980 шықәсазы.
Аолимпиада анаҩсан, Саида аспорт ааныжьны Пицундаҟа дгьежьыр акәхеит. 1992 шықәсазы аибашьра ианалага, хамеигӡарыла лыԥсадгьыл ахьчараз дгылеит. Уаҟа лара иаалырԥшит лыԥсадгьыл ахь илымаз абзиабара. Саида иаалырԥшыз афырхаҵаразы иланашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.
Саида Капас-иԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 60 шықәса дшырҭагылаз, абҵарамза 24, 2018 шықәсазы.

Саида Ҳаразиа

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me