Ари аԥхын азы аԥсуа рок-гәыԥ «Tom Square» ахәаԥшцәа ирыдыргалеит «Амцҳәаҩ» ҳәа хьӡыс измоу рашәала иҭыху аклип. Иара YouTube рхатә даҟьаҿы иӡыргоуп. Аԥсышәала иҩу арок ашәа иахылҿиааит ари аматериалгьы.

Абас ахьӡын иахьа  В. Г. Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Аҳәынҭқарратә музеи аҟны иаартыз афотоцәыргақәҵа.

Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, арҵаҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара иалахәыз Екатерина Платон-иԥҳа Шьаҟрыл диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкны лара дахьынхоз аҩны №94 аҭӡаҿы икыдырҵеит амемориалтә ӷәы.

Жьҭаарамза 26-27 рзы Аҟәа ихацыркхеит аҩратә марафон. Уи ареспублика акәақьқәа зегьы, уи анҭыҵ аҟынтәигьы хыԥхьаӡара рацәала алахәылацәеи, ахәаԥшцәеи, аспорт абзиабаҩцәеи еизнагеит.  Актәи амш азы ахәыҷқәа еиԥхныҩлон.

Жьҭаарамаза 26-27 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы имҩаԥысит аҽыбӷаҟазаразы Аԥсны Ачемпионат.  Аицлабра рхы аладырхәит акомандақәа ԥшьба - Гәдоуҭа, Гагра, Очамчыра араионқәа рҟынтәи, иара убас Риҵатәи ареликттә  милаҭтә парк аҟынтәи акоманда.

Аԥсуа бызшәа Амш

27 Жьҭаара 2024 10:51

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә бызшәа амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me