Ааигәа агазеҭ «Республика Абхазия» акорреспондент, ажурналист, апублицист, апоет Леила Ԥачлиа илхыҵит 60 шықәса.
Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны. Уи азкын атәылаҿы аҭагылазаашьеи Аԥсны аерманцәа рхеидкыла ахантәаҩы иҟаиҵаз ааԥхьара алацәажәареи.
Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусԥҟала аполковник Қәычбериа Дмитри Гарри-иԥа ихы дақәиҭтәуп Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы имаҵура аҟнытә.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны дыҟан Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова. Уи дылԥылеит Аԥсны акультура аминистр напынҵақәа назыгӡо Динара Смыр.
Ҳаҳҭны-қалақь Аҟәа иуԥылоит аҭоурых ду змоу архитектуратә ргыларақәа. Урҭ ашәышықәсақәа иргәылсны иахьанӡа иааӡеит. Ҳара иҳуалԥшьоуп архитектуратә ргыларақәа рымаӡақәа, иахьатәи рҭагылазаашьа ҳабиԥарақәа рзаартра.
Аӡиас Ҧсоу ахы ахьыҵнахуа ашьха Аибҕа ахьӡуп. Ишьхаӡиасми, иццакуа амшынахь аҿыланахуеит. Ашьха еиҩнашоит. Нырцәгьы аарцәгьы ишьҭоуп Аибҕа дгьылқәа.