Атехнологиақәа рыҿиара инамҩатәны анапхыцәгьара ацәырҵрақәа рылаҵәара иалагеит. Ари ацәгьоуцәа ауаа цәгьашақә рхархәара рылзыршо апсихологиатә нырра аметодқәа роуп.
Август 6 азы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҟны диԥылеит Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Жәибжь шықәса раԥхьа, 2008 шықәса, август 7 аҵх аҽеиҩшамҭазы, ауаԥс жәлар агеноцид рзаагара рхықәкны, Қырҭтәыла анапхгара, «Ицқьоу адәы» ҳәа ахьӡ ҷыда аҭаны, еибашьрала иақәлеит Аахыҵ-Уаԥстәыла.
«Агәымшәацәа риеҵәаџьаа» атруппа ақәыргыламҭақәа Урыстәылаҿы аиԥш, Аԥсынгьы даара ирылаҵәаны иҟоуп. Аҟәа, Ареспубликатә стадион аҟны ацирк агастрольқәа мҩаԥысуеит сентиабр 14 азынӡа.
Иаҳхысыз амшқәа рзы Аԥсны иаҭааит Ҭырқәтәыла, Диузџье ауниверситет аҟазареи аҭҵаареи рфакультет аҿы иаԥҵоу аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра астудентцәа.