Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы лассы-лассы еиҿыркаауеит абиԥара еиҳабацәа, абжьаратәи абиԥарақәа ирыҵаркуа, ҳаԥсуа культура зырбеиахьоу, иахьагьы ақыцә зку асахьаҭыхҩцәа, убас абаҩхатәра злоу, аҟазара ԥсҭазаарас ишьҭызхуа аҿар русумҭақәа. Ари ишьаху хҭысуп, ус анакәха, аԥсы ҭоуп, иҿиоит акультура.
Сынтәа Лаҭатәи ахҭыс злымӡаах 30 шықәса ахыҵит. Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа шьыжьнаҵы арадиомонтаж «Ахьаа» зыхьӡыз аныҩуан. 87-ҩык цәгьаԥсышьа зыҭаз, авертолиот МИ-8 иҭаблыз аӡәа-ӡәала, хьыӡҳәала еиқәыԥхьаӡан, аибашьра иалиааз ашәақәа ашарԥаз инаркны ақалақь иахыҩуан…
Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр анапхгарала имҩаҧысит аихшьалатә концерт. Уи напхгара аиҭоит Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, Ахьӡ-Аҧша аорден II аҩаӡара занашьоу Нури Еремеи-иҧа Кәарҷиа.
Аконцерт мҩаҧысуан Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы.
Аконцерт мҩаҧылгон акыр шықәса «Аҿар рыбжьы» аконкурс зҽалазырхәхьоу алауреат Инесса Григолиа.
Ҳаазқәылаз Аҧсуара ана-ара ҳалацәажәоит, абжьааҧнеиҧш «зеиҧш ажәала», хықәкыла, Аҧсуара аныҟәгараз иҟаҵатәу, ишныҟәгатәу ҳәа инҭкааны акы ҳазааҭымгылакәа.
Декабр 6 рзы Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаартын асахьаҭыхыҩцәа иреиҕьу русумҭақәа рцәыргақәҵа. Уахь имҩахыҵит аҟазара абзиабаҩцәа рацәаҩны.
Аханатә лымкаала иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аҧсеилахараха, шәусқәа ааныжьны, иахьа абра жәытәнатә аахыс зыцәгьеи зыбзиеи еилоу, дгьылк еицықәаарыхуа, уааҧсырала еилахәу, ақыҭа, араион, Аҧсны иабжоу ажәларқәа рхаҭарнакцәа рхы еиҭарҳәартә еиҧш изықәшәаз ҳаҳап ҳәа иаҳзымҩахыҵыз.