Сынтәа ҩажәи жәаба шықәса ҵуеит, зхаҭара иахьагьы аҵыхәтәанынӡа иҭҵаам, аибашьҩы гәымшәа, аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, ауаҩы легенда ҳәа изышьҭоу Мушьни Хәымсаи-иҧа Хәарҵкьиа дҭахеижьҭеи.
Саида Делба дҭахеижьҭеи 30 ш. ҵит
Зажәа еснагь иҵаулаз, зхәыцрақәеи зыгәҭыхақәеи ззымҳәар ҳәа ацәшәара змаз, еснагь зҵаара дук аҭак аҧшаара иашьҭаз, згәы зыҧсадгьыл иадыз, уи иахыбаауаз, иазхәыцуаз, злахьынҵа ихьыршәыгәу зпоезиаҿы заа избаз… Зыхгьы-зыҧсгьы зыжәлар рзы изҭахыз, зыҧсадгьыл агәыбылра зҽылаҳәаны иҟаз Саида Бадра-иҧҳа Делба…
Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан 50 зҵаара инарзынаҧшуа. Иқәгылаз азҵаарақәа раҕьырак азкын 2023 шықәсазы аминистррақәеи, аилакқәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рҿы аус зуа рхыҧхьаӡареи, ирзыршәо ауалафахәи рышьақәырҕәҕәара. Урҭ рзы ақәҵарақәа рыдыркылеит.
Иаатит Аҧсны еицырдыруа асахьаҭыхҩы, Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа ахьӡ зыхҵоу, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазарақәа рфакультет адекан Нугзар Ҷыҷыкәа-иҧа Логәуа иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа. Ҷыдала уи азкуп арҿиаҩы ииубилеи. Убри инаҷыдангьы ацәыргақәҵа аҩбатәи азал хадырҭәааит аиубилиар аҵара зирҵо астудентцәа рҭыхымҭақәа.
XX ашә. 20-тәи ашықәсқәа раан Москва ихацыркын аҧсуаа рхеидкыла аусура. 30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы уи аусура шеиҧҟьазгьы, изықәгылаз ауасхыр еиқәхеит.
Ҽнак зықәрахь инеихьаз ахаҵа еилаҳәара хәыҷык кны амузеи аҧхьа даасҧылеит. Ииҳәарц ииҭахыз игәы инамырҳәо, иикыз аилаҳәара хәыҷы аартуа иажәа далагеит: «Изышәҭаху шәразҵаа, дызцеибашьуаз шәрыҿцәажәа, зҟәышреи зыгәаҕьреи рыла зықәра иааҭәоумшьартә зхы мҩаҧызгоз ҵеин, – иҳәан иеилаҳәара аасиркит.