Иахьа ҳахьгылоу аҭыԥаҿы еилашуан аибашьра хлымӡаах. Гәымсҭа аӡиас нырцәи-аарцәи еиҿагылан мчылеи хыԥхьаӡаралеи еиҟарамыз ҩ-рык.
Ажьырныҳәа ауха, 1993 шықәсазы, Аацы ақыҭан, Алра аҳаблаҿ инхо Анқәабаа рҭаацәара ду изыҧшын раб, рашьа Артиом Мысҭафа-иҧа Анқәаб уажәымзар уажәы дааиуеит ҳәа. Ус ишыҧшыз асааҭ ахыцқәа жәаҩа инархысны аҿынанахеит…
Аҧсны апериодикатә кьыҧхь аҟны атрадициа бзиақәа шьақәгылеижьҭеи акыр ҵуеит. Ҷыдала амилаҭтә кьыҧхь аганахьала ажурналистика, апублицистика аҿиара амҩа ианижьҭеи 100-шықәса инареиҳауп.
Ҩажәи жәеиза шықәса раԥхьа Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиара, уи аԥеиԥш акыр жәашықәса бӷеиҵыхра амоуртә арыцҳара ду иҭазыргылаз ақырҭуа фашисттә идеологиа ашьаарҵәыратә режим мчыдахеит 413 мшы рнаҩс, аԥсуа жәлар наџьнатә аахыс имырӡкәа иааргоз, ҿыцәаара зқәымыз ацәанырра ҳаракы – аԥсадгьыл, аџьынџь азын ахамеигӡара иарҵысуаз адоуҳамч аҿаԥхьа.
30 шықәса уажәаԥхьа, 1993 шықәса сентиабр 16 азы, Очамчыра авокзал ашҭаҿы игыгшәыгхаз ақырҭцәа жәпаҩык амца лыцраҵаны дырблит аԥсуа патриотка Цаца Казанба.
Ишдыру еиԥш, Аԥсны аҳҭны-қалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы ақәиҭтәразы аԥсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара иахәҭаз алҵшәа амоуит. 1993 шықәса хәажәкыра 15-16 аҩ-мшык Аԥсны жәлар рзы, ҳџьынџьтәылатә еибашьра ахьынӡацоз, зегь реиҳа ҳажәлар ирхамшҭуа агәыхь зцу мшқәаны иаанхоит.