Ицоит аамҭа. Иџьбароуп уи алеишәа. Иҕәҕәоуп ахыҧша. Еиндаҭлоит, иҧибашәоит Аҭоурыхи, Аамҭеи, Ауаҩи! Аамҭа ажәытә баҳчааӡаҩ бзиа иеиҧш, еилна­хуеит аҩеи-аӡеи, еилнаргоит агәаҕь зызҭоу – изызҭам, здацқәа ҕәҕәоу – здацқәа уашәшәыроу. Убас ауп алитературеи аҟазареи рҭоурыхаҿгьы. Иҟоуп иаҧсоу-иаҧсам еилзырго ижәҩантәу амчқәа, набыцра зқәым аобиективтә рҿиаратә ҧҟарақәа.

Аибашьра иаӡрыжәыз

09 Рашәара 2023 14:32

Леон иорден занашьоу, аишьцәа реиҧш еибабо ҩыџьа аигәылацәа – Роман Ануеи Руслан Аҩӡбеи реибашьратә мҩа акыр иҭбаауп. Аха зхы-зыҧсы иамеигӡакәан, хаҵарыла зыҧ­садгьыл зыхьчоз аибашьра аветеранцәа аӡәырҩы реиҧш, зыӡбахә ҳамоу Тамшьаа рҵеицәагьы ахӡыргареи, аибашьратә хҭысқәа ргәалар­шәареи, реиҭаҳәареи зцәаҩам роуп.

Ҳаҧсадгьыл аҕа данақәла,  ҳҵеицәа гәымшәақәа хьаҳәхьачарак  ҟамҵакәан, уи иқәцаразы абџьар шьҭыхны ақәылаҩ иҿагылеит. Абџьар змамызгьы, ҳтәыла аҕа иалцаразы иаанымгылеит. Напышьашәала ҳџьынџь ахьчараз ақәылаҩ иабашьуан. Аиашазы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира машәыршақә иҟамлеит, зегь раҧхьаӡагьы, Ҳҧыза ду, Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба ибзоуроуп аҧсуа жәлар иаагаз Аиааира.

Инна Аҳашҧҳа лпоезиа иаҟазшьоуп аҧсҭазаараҿы аҭыҧ змоу, хкырацәала иеилоу ахҭысқәеи асахьақәеи, аҧштәы абжьи уҳәа уб. иҵ. рзааҭгылара, рыҭҵаара, исахьарку ажәала реибыҭара, рыраӡара.

Ааигәа лыԥсҭазаара далҵит еицырдыруаз аԥсуа лингвист, аԥсуеи абазеи абызшәақәа рыҭҵааҩы, Аԥсны иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, аџьа аветеран Валентина Алеқсандр-иԥҳа Амҷԥҳа.

Аҧсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит «Бла иабохы иаҧсоуп» ҳәа. Аиашазы, ауаҩы иага агәабзиареи агәамч ҕәҕәеи имазаргьы, уи иблабара аницәыӡ – данылашәха, «дуаҩыбжаҵәҟьоуп», аҧсҭазаара иара изы иҵакыдоуп…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me