Агәымшәа Роман

11 Абҵара 2022 14:48

Роман Владимир-иҧа Ҵереҭели диит 1973 шықәса сентиабр 13, рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Тамшьтәи абжьаратә школ даналга,  дҭалоит азанааҭ-техникатә аҵараиурҭа  (Қарҭтәи афилиал). Ибзианы далгоит 1990 шықәсазы. Ашьҭахь аррамаҵура ихигон Агәыӡера, командирс диман Гари Бигәаа.

Роман дҿырҧшыган аррамаҵураҿы, – «имаашьоз, иааӡаз, ламысла  идырҵоз зегьы наигӡон, ахәыҷы бзиа дҩашьом» – иҳәалон икомандиргьы зны-зынла. Роман уи иныҧшит аибашьраҿгьы…

Лыхнашҭа. Ижәытәӡоу, иссирӡоу, еснагь иҿоу, ҳаҧсадгьыл агәеисырҭа, ҳгәацаҧха! Аҧсуа дзырҿыхо, дзырхәыцуа, аҭоурых ӡыблара далызго, ашҭа-ҧшьахь ҳхьазырҧшуа! Ашҭа гәырҕьа-ччабжьыла иҭәуп. Асасцәа аднакылоит.

Лыхнашҭа иахыҩуеит аҧсуа жәлар рфырхаҵаратә ашәақәа. Гәдоуҭа араион 20 қыҭа хазы-хазы рашҭақәа рҿы еиҿыркааит рхатәы, ақыҭақәа рҭоурых уазҳәо рцәыргақәҵақәа. Раҧхьаӡа акәны ақалақь Афон Ҿыц ахатә ҭыҧ аман, ибзиангьы. Аҧсуаа рынхарҭақәа рҿы ажьи иҟаҵамҭақәа иалкааз аҭыҧ шрымаз аарҧшын. Ажьи қәыҧш джьиуан, икәон. Абиҧарақәа реимадареи аҧсуа жьицәа рҟазареи аҿар ралархәра ҿырҧшыган.

Жьҭаара 24 инаркны 28-нӡа Аҧсны ашколқәа зегьы рҟны имҩаҧыргоит, шьҭа итрадицианы ишьақәгылаз "Аҧсуа бызшәа амчыбжь". Аҧсуа бызшәа аӡыргара  хықәкыс измоу аусмҩаҧгатә еснагь азҿлымҳара бзиа амоуп.

Уи инамаданы хаҭала Аҟәа ақалақь иаҵанакуа ашколқәа рҟны "Аҧсуа бызшәа амчыбжь" шымҩаҧысуаз аилкаараз, ҳара ҳлыҿцәажәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аҧсуа бызшәеи алитературеи рспециалист хада Нонна Ломиа-ҧҳа.

Аамҭақәа реигәныҩра

04 Абҵара 2022 11:35

Ҳазҭагылоу аамҭа, еснагь еиҧш, маҿа-маҿа еилоуп, аҧсҭазаара аҵла зықәгылоу адгьыл адац-ҧашә аларсуп, аҧсабара анарха иацнаҵоит, иарҕәҕәоит. Дгьыли жәҩани шаҳаҭс измоу аҧсҭазаара аҵла ҧсыс иахоуп, ашықәс аамҭақәа  ирыцуп: зны аиаҵәара иҭалаҳауп, ҽазны амахәҭақәа ирҿассы ирҿоу абҕьқәа ҩеижьхоит, ишнеи-шнеиуа иҿышәшәоит, адгьыл иазцоит. Аҵла амахәҭақәа хахаӡа иаанхозаргьы, ргәыҕра дырӡуам, аамҭақәак рышьҭахь, ҩаҧхьа рпытҟәырқәа ылыргоит, абҕьқәа рҿалоит, еиҧынчыла ирызҳауеит. Абас, џьашьахәшәа, аамҭеикәшара иацуп, иузеиҟәымҭхогьы  еимадоуп.

Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылаз азҵаарақәа рахьынтә зегьы реиҳа инарҭбааны иазааҭгылан 2023 шықәсазтәи Аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан апроект. Уи азы ажәахә ҟаиҵеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зыҧсҭазаара ҿахҵәаз аурыс поет, ажурналист Александр Бардодым есышықәса Афон Ҿыц анышә дахьамадоу игылоу ибаҟа иаҭаауеит ашколхәыҷқәа, ашәҟәыҩҩцәа, иҩызцәа, инышәынҭраҿы ашәҭқәа ықәырҵоит. Сынтәагьы, Аиааира – 29 шықәса ахыҵра аныҳәа азгәаҭараан еиҧш, уи даниз амш октиабр жәаф рзы ибаҟа иаҭааит, хатәгәаҧхарала Аҧсны ахьчара иааз апоет дыргәаладыршәеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me