Декабр 7 рзы зусура хацзыркыз Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс VIII  аизара ду иалахәын 130-ҩык рҟынӡа аделегатцәа, Аҧсны еиҧш, Ҭырқә­тәыла, Германиа, Голландиа, Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа – Ҟарачы-Черқьестәыла (Абазашҭа), Ҟабарда-Балкар­тәыла, иара убас Ставро­польтәи атәылаҿацә, Москва, Санкт-Петербург ақала­қь­қәа рҟынтәи.

Анарха аиур…

09 Ԥхынкәын 2022 10:20

Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауааҧсыра рыҩ­нуҵҟа амобилтә еимадара даара анырра ҟанаҵоит. Хәыҷи-дуи рзы зда ҧсыхәа ыҟам «ҧсҭа­заарак» иаҩызахеит. Ииашоуп, аҭел ауаҩы иусқәа даара иарман­шәалоит, аха мыцхәы амобилтә телефонла  ацәажәареи асоциалтә ҳақәа иаарҭымҵкәан аамҭа агареи, ахәыҷы иакәым, адуцәагьы ирҧырхагоуп.

Аҧсны, егьырҭ атәылақәа рҟны еиҧш, есышықәса иазгәаҳҭоит аиубилеиқәа рацәаны. Иҟоуп урҭ аиубилеиқәа анрызку ажәлар рҭоурых аҟны аҭыҧ ду аанызкыло ахҭысқәа, аҵеицәа дуқәа. Хымҧада, уи ус бзиоуп. Амала сара исзеилымкаауа, избан џьоукы ртәы аназгәаҳҭо, даҽа џьоукы рыӡбахә  «заҳхашҭуа».

Аҧсуа доуҳатә культура арҿиаҩцәа ируаӡәку, акыр шықәса раахыс зыхьӡ рдыруа  алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист Руслан Қапба шьарда илиршахьеит аҭҵаарадырреи, апублицистикеи, аҵара-ааӡареи рус аҟны.

Аҵабырг анаиааиуа

09 Ԥхынкәын 2022 10:12

Шалуа Ҵәыџьба  диижьҭеи 110 ш. аҵра иазкны

Аҧсуа поет, апрозаик Шалуа Леуарсан-иҧа Ҵәыџьба диит (18.12.1912) Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Тамшь ақыҭан (иҧсҭазаара далҵит – 26.05.1987). Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭ­қарратә премиа ианашьоуп (1989, иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь ишәҟәы «Апоет илахьынҵа» азы). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡ ихҵан. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан.

Сынтәа ҩажәи жәаба шықәса ҵуеит, зхаҭара иахьагьы аҵыхәтәанынӡа иҭҵаам, аибашьҩы гәымшәа, аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, ауаҩы легенда ҳәа изышьҭоу Мушьни Хәымсаи-иҧа Хәарҵкьиа дҭахеижьҭеи.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me