Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аиааира мамзаргьы аҧсра – абас рҳәоит мрагыларатәи афронт аибашьцәа. Урҭ Аҧсадгьыл ахьчара хацәнамырха иазгылоуп, иахьа уажәраанӡагьы хьымӡҕ рымгац. Фырхаҵарыла аҕа иҿагылоуп. Ианаҭахха, уаҳа ҧсыхәа аныҟамлогьы аҧсра аҿаҧхьа рхы ладырҟәуам.
Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага раҧхьатәи амшқәа рзы лакҩакрада абџьар иаҵагылаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа дреиуоуп Аҧсны Афырхаҵа Даур Сарсаниа.
Даур Заурҟан-иҧа диит Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан. Данқәыҧшӡаз инаркны далагылан аҧсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара. Аибашьра иалагаанӡагьы изныкымкәа иҳәахьан ус баша еиҿагылара мацарала аҧсуааи ақырҭқәеи шзеилымго, аусқәа рцашьа аибашьрахь рхы шхоу. Апатриот ду Даур Заурҟан-иҧа агәра игон ажәлар аӡәыкны ианеидгыла, рнапы анеикәдырша ириааиуа дшыҟамло азы.
«Саныхәыҷызгьы арҵаҩы изанааҭ алхны исыман, ахәыҷқәа еизганы, еидыртәаланы акы дсырҵарц, ирзеиҭасҳәарц салагон», – ҳаиҿцәажәара хацыркуа лажәа дналагеит акыр шықәсқәа инеиҧанкыланы алагарҭатә классқәа рҿы ахәыҷқәа аҵара дзырҵо, акыр абиҧарақәа еиҵазааӡахьоу, ззанааҭ иазҟазоу, ҭакҧхықәралагьы иазнеиуа Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи 4-тәи абжьаратә школ арҵаҩы Светлана Ардашьыл-иҧҳа Кәарҷиа-ҧҳа.
Аибашьра аҧсуа жәлар ирнаҭаз ааха хашҭшьа змам, аҭоурых адаҟьа еиқәаҵәақәа ируакуп. Иҟам аҧсуа ҭаацәарак уаҩҧсыла ари ахьаа зынмырыз. Ҩнаҭала изхьымсызгьы уалаҭахыла ргәы блит.
Ус иҟоуп ахақәиҭратә қәҧара, анцәа иаҳзишеит лассы-лассы ҳҭынчра аиқәырхаразы, атәра ҳҭамшәарцаз – иааҳарҧшлароуп ахамеигӡара!
Есышықәса жәабран ҩажәи хәба аҽны Кәтол ақыҭа уахьналало, иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала игылоу абаҟаҿы еизоит агәыҧ «Дельфин» иалахәыз аибашьцәа. Абаҟа амҵан ишьҭарҵоит ашәҭқәа, иргәаладыршәоит иҭахаз рҩызцәа. Аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ргәалашәара аҿаҧхьа иааҭгыланы ихырхәеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аҧсны аибашьра ианалага аҽны амра каххаа иҧхон. Зегьы русқәа ирҿын. Аҟәа ақалақь аихамҩатә вокзал ааигәара инхоз, Владислав Аҩӡба игәылара зыҧсҭазаара иалҵыз аӡәы иҩынҩажәа мшы ыҟан. Агәылацәа амаҵ руан. Убри аамҭазы Даур Аҩӡба иан даалыдгылан, ҧшьаала ус леиҳәеит: «Абыржәы, абраҟа исаҳаит 70 танк Аҧсны иалалеит ҳәа!»