Агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» анапхгаҩы, Жәлар Реизара адепутат Леонид Лакербаиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, Нхыҵ Кавкази Алтаии рахь ацареи 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны аԥсуаа ирывагыланы еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа рԥылареи ртәы еиҭеиҳәеит.
Ахәышҭаара… Игәазырҳагоуп амца хааӡа изхылҵуа, аҭаацәа зҿыкәшан итәоу ахәышҭаара. Уи аҧсуаа рҿы жәытә-натә аахыс аҭыҧ ҕәҕәа ааннакылоит. Убри азоуп атәым дадкьыслар зырымуа.
Ашәалеи бџьарԥынҵалеи еибашьуаз Аркади Кархалаа игәалашәаразы
1990 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа ргәыҧ даланы раҧхьаӡа акәны Аҟәа иаҭааз гәыҧҩык ҳџьынџьуаа дрылан Ҭырқәтәылан, Есқьишьеҳир иаҵанакуа Мусаҩзу ақыҭа еиуаз Ерсын Чқәа.
Август 30 рзы иазгәарҭоит хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш. Иахьа адунеи зегь аҿы хабарда ибжьаӡыз мамзар ҳаамҭазгьы еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны ибжьаӡуа рхыҧхьаӡара нагӡаны еилкаам. Ҵабыргны уи хьаа дууп, харҭәаашьа змам ацәыӡ зауз аҭынхацәеи ақәлацәеи рзы.
Ауаҩы иҧсы ҭанаҵы абзиара дақәгәыҕуеит. Аҧсны ахы иақәиҭханы иҟалоит ҳәа азхәыцраҵәҟьа шымариамызгьы 30 шықәса ниасны ицеит.