Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иҟазаараан иҳәеит, Урыстәыла Акультура аминистрра Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа аиҭашьақәыргылара ахахьы ишаго. А. Ч. Чычба ихьӡ зху амузыкатә ҵараиурҭаҿы адыррақәа роуеит амузыкантцәа, адирижиорцәа, ашәаҳәаҩцәа.
Уи аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Гьерзмаа, Аԥсны жәлар рартист, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алиса Гыцԥҳа.