Зынӡа имариаӡам аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы аӡәы ҳәа ахьӡ ааныжьра. Избанзар, аурыс поет Борис Пастернак иазгәеиҭон, аепоха џьамыӷәақәа раан иалиааиуан ҳәа «зҷапан шаахшәаз адаул иасуаз», зҽынеиҵыхны зегь зымҽхазкуаз, урҭ ахӡыргара зҽазызшәоз аҭамӷьарасыҩцәа… Рыцҳарас иҟалаз, хыхь иаагаз афакт изацәымцеит аԥсуа литературагьы.
Даараӡа иуадаҩуп дарбанзаалакгьы арҿиаҩы идоуҳатә дунеи уагәылаԥшны, апоезиатә бызшәала ииҳәарц ииҭахыз, амаӡақәа рымаӡа рыҵдыраара. Ари зырҵабыргуа агәаанагарақәа иреиуоуп: аурыс классик Виктор Астафиев апоет ду Николаи Рубцов изку анҵамҭақәа (атетрадқәа) рҟнытә иҟаиҵо алкаа.
Апоезиа – гәаҟҵәаҟрала, дыршьа змам шәахәа лашак, ҿык-бзык иазеиҭамҳәо ацәаныррақәа ирылиаауа, еиҭаҳәашьа змам сабиуп, убри аҟнытә ччаԥшьк аауҿықәлоит ашколтә урокқәа рҟны, мамзаргьы еиҵҳәоу астатиақәа, амонографиақәа рҟны рхы-ргәаҿы инеиртә, дара ргәаанагарала, Пушкин ддеилыркаауеит, Лермонтов деилдыргоит, Державин иҟынӡа инеиуеит, убри инаԥшьны хара иҳаҩсхьоу аамҭақәа рпоетцәагьы – Данте, Петрарка, Баирон, Шелли, Петефи, мамзаргьы Биорнс.
Апоет ихаҭа ҳәашьа изаҭом арҭқәа ахьынтәиааз, иахьцәырҵыз, имаӡа аартра иҽазишәар, убасҟак ицәеилахәоит, имарианы, ажәлар еилыркаартә ҩымҭак аԥиҵоит, абраҟа харас идуҵозеи акыр иаԥхьахьоу арҵаҩгьы. Уи изанааҭ абас ишоуп: ацәыргара, азнагара, аилыргара…
Араҟа иаагоу Виктор Астафиев игәаанагара иԥҟа-ԥҵәаны инҭкааны иҳәоуп, ус анакәха, уи иақәшаҳаҭтәуп, ахшыҩҵакгьы ииашаны иҳәоуп.
Аиашазы, аԥсуа литератураҿы иреиӷьӡоу апоетцәа рхыԥхьаӡараҿы дшыҟоу сазгәдуны лыӡбахә сҳәоит Заира Шьалуа-иԥҳа Ҭҳаиҵыкә. Уи ԥсаҭарала ипоетҵәҟьоу, зхы-зыԥсы зегьы поезиа шәахәала иҭәу, уи зҽазҭо, иара мацара ԥсҭазаарас измоу поетуп. Сара хаҭала Заира лырҿиаратә дунеи сахьагәылаԥшуа избарҭоуп, адунеи аҿы еицырдыруа аурыс поет Марина Цветаева лпоезиа иахылҵуа амузыкатә бжьы хаа, Заира лпоезиеи доуҳатә дунеик шеиднакыло, аха Цветаева лпоезиа аурыс милаҭтә музыка абжьоуп иахылҵуа, Заира лпоезиа акәзар, уи иахылҵуа аԥсуа бызшәала ицәажәо ԥсыуа мелодиоуп.
Игәахәтәыхьӡароу аԥсуа поезиа аҳәаақәа ирҭыҵхьоу Ҭҳаиҵыкә лырҿиаратә шьаҿақәа Цветаева лыҩаӡара аҟынӡа инаӡоит. Заира дызҭагылоу ашәышықәса иахҭнагахьоуи иахҭнаго ахҭысқәа мшынҵак ианылҵозшәа рҿахәы, уи иацу алаӷырӡи ауаатәыҩса рыччаԥшьи поезиатә бызшәала анагара лылшоит Ҳазшаз ихьышьаргәыҵа аҟынӡа.
Ҳазну аамҭазы хымԥада еилкаахеит, идыруп апоет Заира Ҭҳаиҵыкә лырҿиара иазхьаԥшуа, бзиа избо, лаԥҵамҭа ҿыцқәа рцәырҵра ирзыԥшу рхыԥхьаӡара иацымлозар ишагымхо. Апоет доуҳала иахьауажәраанӡа илзааигәаз, деилызкаауаз аԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара инарыцлеит иахьеи уахеи изызҳауа, ақәыԥшра адунеи ссир иатәу, аԥсҭазаара ашәҭыцқәа – ахәыҷқәа.
Апоет урҭ ирызналгеит аҳамҭа бзиа, уи закәызеи ҳәа шәҵаауазар, ааскьа Ҭҳаиҵыкәԥҳа ԥштәы-сахьала иҩычаны, лбаҩхатәра иалыршаны ажәа аԥсы ахаҵаны ахәыҷқәа игәныркылаша, дара ирзааигәоу, ус уҳәар ауазар, ахәыҷра аблақәа зхоу лпоезиатә рҿиамҭақәа еидызкыло лышәҟәы – «Аҳамҭа». Апоет Заира Ҭҳаиҵыкә ахәыҷқәа ирызку лажәеинраалақәа рҿы ажәа лыԥшаахла иаалырԥшуеит урҭ рыԥсабаратә цәаҩа, рҟазшьа, рқәыԥшӡаратә дунеи алаԥшҳәаақәа.
Гәахәарыла узыԥхьо жәеинраалоуп аҩымҭа «Амра»:
Амра сеисон,
Сазыԥшуан,
Иара каԥхон,
Иара лашон,
Уамашәа
Иԥшӡан.
Иаҳа-иаҳа
Игьежьхон,
Иаҳа-иаҳа
Инаскьон.
Сара сылаԥш
Уи иахын,
Амра сеиԥшзар
Сҭахын…
Унан, Амра
Хәмарра ицеит,
Ажәҩан акалҭаҿ
Аҽаӡеит.
Аха, сишь,
Иааицрашәеит,
Амш анҵәамҭаз
Иааԥхашьеит!
Ажәеинраала еихышәшәо, имырхьаакәа ахәыҷқәа уи агәынкылара рзымарианы, ржәаргьы арбеио аҟаҵара лылшеит апоет. З. Ҭҳаиҵыкә ахәыҷқәа ирызку лажәеинраалақәа ирымоуп дара иртәу ҟазшьа ҷыдак. Ақәа, ақәаԥсата рсахьа ҭызхуа ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа маҷӡам аԥсуа поезиаҿы, аха урҭ раҳраҿы иаарылҷҷаауа иҟоуп апоет лажәеинраала:
Иауеит, иауеит ақәаԥсата,
Ԥшьаала, ԥшьаала.
Ашьац иржәуеит ақәаԥсата,
Хаала, хаала.
Адгьыл ыцәоуп иҭахәхәа,
Шьышь-наани!
Аҿы аӡәӡәоит ашәахәа, –
Шьыри-ҭали!
Аԥхьаҩцәа даалҵызшәа иҿыцҳаҳараӡа изаатуеит аԥсаҵара асахьа гәнаала, ауаҩытәыҩсеи аԥсабареи асахьаҭыхҩы рсахьа ҭыхызшәа, – абра зегь ыҟоуп ари ажәеинраалаҿы. З. Ҭҳаиҵыкә ахәыҷқәа ирыдылгалоит иахьатәи аамҭа иақәшәо иақәҵалатәу атемақәа. Дарбан хәыҷызаалакгьы илаԥш иҵамшәарц залшом апоет «Сыԥсшьарамшқәа» ҳәа иаԥылҵаз ацикл. Ари аҩымҭа ацикл ҳәа акәымкәа, апоема ҳәа азуҳәар ҟалоит. «Сыԥсшьарамшқәа» ажәа ахаҭа изызку аҿахәы аҳәоит, иазгәасҭарц исҭаху иҿыцу темак алалгалеит З. Ҭҳаиҵыкә аԥсуа хәыҷтәы поезиа. Ҳаԥхьап цыԥҵәахак:
Сангьы дсыцуп,
Сабгьы – ааи,
Ԥсшьара Пицунда
Ушҟа смааи!
Сыцгәы сыцым,
Аха имгәааит,
Аха сымам,
Ҳаҩны иааԥшааит…
Апоет лгәыбылра, лыбзиабара здылҵо убри аҟара иразуп, иԥшқарахуп, апоезиатә гәыԥшаара ахукаауеит. Избанзар, урҭ ус лара илхылҵыз, лара илтәу гәыбылрала илнамырҳәар ада ԥсыхәа лнамҭо дҭанаргылоит.
Аҵыхәтәаны лкаа ҳасабла иазгәаҭатәуп, апоет иахьатәи аԥсуа хәыҷтәы поезиаҿы ажәа ҿыц, ажәа лыԥшаах, абжьы гәнаала зхоу, лажәеинраалақәа еидызкылаз ашәҟәы «Аҳамҭа» гәык-ԥсыкала илықәнагоит ҳәа исыԥхьаӡоит Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.
Сергеи Агындиа