Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит

Адныҳәалара даԥхьеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
«Ари аныҳәа, имариам аиҿагылараҿы ззинқәа зыхьчоз, аҭынч ԥсҭазаара иазықәԥоз, афырхаҵара злаз Аԥсны жәлар рхақәиҭра иасимволны иҟалеит.
Ҳтәылақәа реизыҟазаашьа қәҿиарала аҿиара иаҿуп аиҩызареи астратегиатә усеицуреи рымҩала. Аринахысгьы, ахырхарҭақәа зегьы рыла хра злоу аусеицура аҿиара шаиуа агәра ганы сыҟоуп. Ашәарҭадареи аҭышәынтәаларазы аусеицура налаҵаны», - азгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me