Аԥсны Анаԥхгара Владислав Арӡынба иҳаҭгәын иаҭааит

Аиааира 32-шықәса аҵра амш инамаданы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан.
Владислав Арӡынба дыргәаладыршәарц инеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, атәыла Анапхгара, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспублика анапхгара ахантәаҩы Константин Џьуссоев, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәлара рхаҭарнакра.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me