Агәалашәарақәеи агәхьаагареи

Иԥшӡаз, иуаҩыаамсҭашәаз, ганзегьрыла адырра ҵаулақәа змаз, аҵарауаҩ ду, аполитик нага, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны Жәлар Раԥхьагыла Владислав Григори-иԥа Арӡынба илшарақәа рзы иахьагьы иахәҭоу ажәа ҳәам. Уимоу, аҳҭнықалақь Аҟәа игылам ибаҟа, уи хьаа дууп.

Сынтәа Владислав Григори-иԥа 80 шықәса ихыҵра инамаданы Аԥсны ирылаҳәоуп иара ишықәсны. Ҳәарада, ихьааӷәӷәоуп цәала-жьыла иара дҳалагыламкәа ари ирыцхә азгәаҭара. Аха уи иԥсадгьыли иуаажәлари рзы илшарақәа инаунагӡатәу баҟоуп.
В. Г. Арӡынба изкны ирацәаны ирыҩхьеит аҵарауаа, иҭыҵхьеит ашәҟәқәа, иаԥырҵахьеит афильмқәа инысымҩа иазкны, сара урҭқәа сҽырзыскуам. Исҭахуп Владислав изкны сгәалашәарақәа ақьаад ианысҵарц.
Владислав Григори-иԥа сара акыр сиеиҵбызаргьы, ибзиаӡаны исгәалашәоит ҳабацәа, ҳқыҭауаа шаҟа ргәы иладууз, уи ихьӡ рҿыҵакын еснагь, дҿырԥшыганы ихцәажәон: итәашьа, игылашьа, ихымҩаԥгашьа, аиҳабацәа рахь имаз аҳаҭырқәҵара. Ганзегьрыла иҿырԥшыгаз Славик, ус акәын ҳқыҭауаа шишьҭаз, крызлыҵуа ҵеихоит ҳәа ихәаԥшуан. Иҭаацәа аҵара змаз уаан, ашкол аҟны аус руан, рыԥсҭазаара зегьы аҿар рҵара-­ааӡара иазкын, убри инаваргыланы, аԥсуа ҵасқәеи аԥсуа қьабзқәеи аҳра ахьыруаз ҩнаҭан, адгьылқәаарыхра пату ахьақәыз, зхатә џьабаала инхоз ҭаацәаран, ирыхшазгьы ус ирааӡон.
Владислав Григори-иԥа дхәыҷаахыс дызлааӡаз аԥсуа ҵас хазынақәеи, рашҭахь имҩахыҵуаз абыргцәа нагақәа ражәабжьқәеи, урҭ ртәашьа, ргылашьа, рхымҩаԥгашьеи уҳәа изызҳауаз арԥыс ишьа-ида иҭаланы деимнадон. Жәытәнатәаахыс ҳажәлар ирхыргахьоу агәаҟрақәа излацәажәоз, ихьааны игәаҵа иҭысуан. Имилаҭ знысхьоу амҩа уадаҩ дышьҭрақәланы данысхьазшәа зегьы идыруан, дрызҿлымҳан, ирацәаны даԥхьон, иҭиҵаауан, ихьааны иӷрысуан.
Уи изҳашьа, ихәыцшьа, ԥсуаҵасл,а ихымҩаԥгашьа ҳқыҭа­уаа уамашәа ирбон, иеигәырӷьон, ихыҽхәон. Владислав иаб Биби ҳәа иарҳәон ҳқыҭауаа. Биби иҷкәын акрызлыҵуа ҵеихоит, анцәа днаигӡааит рҳәон. Ақыҭаҿы аҿар даарылукаартә дыҟан.
Ашкол аҟны акәзар, Владислав иқәлацәа дыррала акырӡа ираԥигон, уи дышәхьан дшыхәыҷызгьы. Аҭоурых изырҵоз арҵаҩы, иара саргьы исырҵаҩыз, Зоиа Александр-иԥҳа Виноградова, Владислав еснагь дҿырԥшыганы дихцәажәон, ашкол аҟнытәи иҵарашықәсқәа ирызкны дылгәалалыршәон абас: «Владислав аурок изымдыруа зныкгьы ашкол ахь дмаацызт, уимоу, сара атема ҿыц анеиҭасҳәоз иблақәа рыла избон уи иара дшаԥхьахьаз, ишидыруаз. Абас дыҟан Владислав».
Владислав ишҟа ҳқыҭауаа иԥшьоу бзиабарак рыман. Уи Москва аҵара данҭаз, иаара иақәшәаны ақыҭаҿы чарак ыҟазар, хымԥада дышнеиуаз рдыруан. Зегьы инеира иазыԥшын. Илаша-лашо ашҭа иааҭалоз Владислав даарыгәҭылакны инагылон аиҳабацәа. Иара иакәзар, ихы-иҿы ианубаалон иқыҭауаа рахь имаз абзиабара, аиҳабацәа рахь имаз аҳаҭыр ду. Ҳара аиҵбацәа ҳаԥсы цон, даҳбар ҳҭахын, ибжьы гәыкы ҳатәнатәны, хәыҷык насҭха ҳгыланы ҳаизыӡырҩуан, ҳаицәыԥхашьон.
Владислав Григори-иԥа еснагь гәыҵхас иман иԥсадгьыли иуаажәлари ԥхьаҟатәи рԥеиԥш. Уи машәыршақә иҟамлеит. Иаазгоит игәалашәарақәа рыҟнытә цәаҳәақәак: «Исгәалашәоит Ешыра ҳахьынхо саби сани рышҟа лассы-лассы имҩахыҵуаз ҳқыҭауаа абыргцәа излацәажәозаалакгьы аҵыхәтәан изызкылсуаз Аԥсни аԥсуа жәлари рразҟы акәын. Сара сгәанала, адунеи аҿы даҽа жәларык рыԥшаара уадаҩзар ҟалап аԥсуаа реиԥш ажәлари аԥсадгьыли рлахьынҵа иазхәыцуа, иахӡыӡаауа. Уи џьашьатәӡам, избанзар, аҟазаареи аҟамзаареи рызҵаатәы, аԥсуаа ҳаиԥш, даҽа жәларык рҿаԥхьа аҭоурых абас иҵарны иқәнамыргылацт. Машәыршақә иҟамлазар ҟалап, ҩыџьа ахьааидтәало раԥхьа иааныркыло аныҳәаҿа ажәлари аԥсадгьыли иахьрызкугьы».
Ари ашықәс агәалашәара иашықәсуп, нас исҭахуп исгәаласыршәарц даҽакгьы: Ишазгәасҭахьоу еиԥш сара акыр Владислав Григори-иԥа сиеиҵбуп. Иара Москва аҵара ду данҭаз сара ашкол ахь сныҟәон. Ашкол аҟны ҳшыҟаз ажәабжьны иҳаҳаит Славик Москвантәи дааит ҳәа. Ҩыџьа сҩызцәа ӡӷабӷәеи сареи иҳаӡбеит уи аҽны дара ргәашә аԥхьа ииасуа амҩала ҳамҩасны аҩныҟа ҳцарц, гәыӷра хәыҷык ҳаман џьара ицәаара шԥаҳамбари ҳәа. Усҟан ажь аилыхра иаамҭан. Рыҩны ҳаназааигәаха, «ҷақ, ҷақ, ҷақ» ҳәа ашәыр еилыхга абжьы ҳлымҳа ишынҭасыз еиԥш, ҳҩызцәа руаӡәы лыҽлызнымкылакәа, «абан дахьыҟоу Славик» лҳәан, лнацәа налырххеит, лыбжьы заҳаз Владислав амардуан дналбаан, ргәашә ҳнавсуаны ибжьы наҳақәиргеит «саҳәшьцәа хәыҷқәа, шәаангыли» ҳәа. Дыццакы-ццакуа ашҭа дааҭыҵын, ҳшыхҩыкызгьы ҳааигәыдыҳәҳәаланы ҳахқәа днарыгәӡны, шәышԥаҟақәоу, ашкол ахьынтә шәаауама, шәҵара шԥацои ҳәа акыр азҵаарақәа анҳаиҭа ашьҭахь, ишаҳамуаз ашҭа ҳанҭеигалеит. Ҳазбаз иан, Надежда Шьаабан-иԥҳа, сыӡӷабцәа роума исзааугаз лҳәан, дҳаигәырӷьеит, аҩныҟа анеиразы акыр иҳадырцалазаргьы иҳамухаҭеит. Нас, ашырҳәа аҩны дныҩнаххын, усҟантәи аамҭазы, Москватәи аконфеҭқәа ҳаҭыр рықәын, апакет иҭаны иаадәылганы инаҳиркит, амҩан шәахьцо шәгәы шәырхаап ҳәа наҳәаны.
Владислав иаб Григори Константин-иԥа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду (1941–191945 шш.) иалахәыз, иакымкәа иоуз ахәра ӷәӷәақәа ирыхҟьаны аибашьра еилгаанӡагьы аҩныҟа дхынҳәхьан. Данааи нахыс арҵара-ааӡара ус инапы алеикхьан, аҭоурых дирҵон ашкол аҿы, аха махәҿала аусураҿы: ажь аилыхра, аџьықәреи алаҵара, арашәара уҳәа рҟны ицәыуадаҩын. Убри азы, аамҭа-аамҭала Владислав анхашәа-чашәа усқәа рҭыԥ рықәҵаразы аҩныҟа даалон. Ешыраа ҳаҷкәынцәа ргәаҳәон Владислав инаивагыланы амхырашәара ма ажь аилыхра ицхраарц. Уи иашьа машәырла дҭахеижьҭеи аиашьара ныҟәыргарц иашьҭан. Иара ацхыраара изнеиз иқәлацәа ԥсуаҵас пату нарықәҵаны, нас, шәысԥырхагамхан, уара, сыԥсы сшьоит иҳәон лафла дырзыгәдуны. Ииашангьы, Владислав махәҿалатәи аусура ԥсшьарас иԥхьаӡон.
Аԥсны Ахадас даныҟалагьы, есн­агь акәымзаргьы, Владислав имашьына «Уазик» днақәтәаны (ахьчаҩ дицымкәа), бзиа иибоз ила наивартәаны амшын ахь дылбаауан. Уаҟа ақыҭа рԥарцәеи иареи рҽыркәабон, ампыл иасуан, игылаз аҵла аҵаҟа ажәабжьқәа еибыҳәо аамҭа рхыргон. Уи аҭыԥ иахьагьы Владислав иԥсшьарҭа ҳәа иашьҭоуп. Аҵла – Владислав иҵла ҳәа.
Даҽакгьы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус аниуаз акәын, усҟан Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа мариамызт. Уи аҽны Жәлар рфорум «Аидгылара» аҟны аизара иаҿын аԥсуаа, ақырҭқәа ракәзар, ана-ара имҩаԥыргон амитингқәа «Сақарҭвело» ҳәа иҳәҳәо, рбираҟқәа рхаргыла Аԥсны иалан, аԥсуаа рганахьала провокациак шԥаҟамлари ҳәа игәыӷуан. Аха, еснагь еиԥш ачҳара ду аазырԥшуаз аԥсуаа ус иааиуан.
Уи аҽны Владислав Григори-иԥа аизара иалагахьаны дааит, сҩызцәеи сареи ҳахьтәаз ҳҿаԥхьа, нас ҳаварахьгьы ҭыԥқәак ҭацәын, иара дыццакы-ццакуа дааин, азныказы ҳаԥхьа днатәеит, ашырҳәа ишьҭахьҟа даахьаҳәын, «саҭамыз» саҳәшьцәа, иҳәан, ҳаварахь диасны днатәеит. Убри сара иахьагьы сазхәыцуеит, изакә ҟазшьа ссирқәази илаз Владислав. Еизарамзи, иамази нас, ҳаԥхьа днатәар?!
Ишазгәасҭахьоу еиԥш, Владислав иҭҵаарадырратә усура аамышьҭахь, ԥсшьарас ииԥхьаӡоз махәҿалатәи аусура акәын. Уи иқәаҵа аԥҳәыс бзиа лыҩнеилыргашьа еиԥшын, уамашәа иԥшӡан, иашҭа, иқәаҵа, бзиа ибон ашәҭқәа, еиҳаракгьы агәилқәа. Уи иеиҭаҳамҭақәа иахьагьы иаб иҩны ашҭа дырԥшӡоит.
Сгәалашәарақәа рахьынтә ахаан схы иҭымҵуа иреиуоуп аибашьра ашьҭахь Владислав Қарҭҟа ицара. Саб ҵарак имамызт, ихьыз амашәыр иахҟьаны ибзиаӡаны аҵара шиҵозгьы, ԥшь-класск рыҟны дыштәаз иҵара нижьыр акәхеит, аха даныҩеидас, Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы дрызҿлымҳан, газеҭк, журналк, ԥсыуа шәҟәык иҭыҵуаз дамыԥхьакәа ҟамлацызт. Жәытәнатә аахыс ақырҭқәа имҩаԥыргоз аполитика хәымга уҳәан-сҳәанла акәымкәа, ҳаҩны итәоз-игылоз аиҳабацәа нагақәа рыла идыруан. Ақырҭқәа аԥсыуа ҵарауаҩ дук дҳалиааргьы шырҭахымыз идыруан. Убри аҟнытә Владислав мыцхәы дизҿлымҳан «ахшыҩ ду змоу ҳаҷкәын» ҳәа дишьҭан, иаргьы Москвантәи данаауаз иқыҭа аиҳабацәа днарылсны имбакәа дцомызт. Нас, аҩны хәылбыҽхала ҳанааилатәоз Славик ииҳәаз ҳәа иажәабжьны иаацәыригон, саб рыцҳа.
Владислав Қарҭҟа дцоит ҳәа анааҳалаҩ, ҳхәаҷаахыс ақырҭуа милаҭ рахь агәаҽанызаара ҳазҭоз саб, ари иаҳар ҟалозма…
Есҽны аусурахьынтә аҩныҟа санцоз, раԥхьа сани саби рыҟны снеиуан, нас – аҩныҟа. Сыԥшызар, саб агәарабжьара дыбжьоуп, анахь дцоит, арахь дцоит, акы дшаргәаҭеиуа збоит. Иухьи, саб, – сиазҵааит сара.
– Ииашоума исаҳаз, Қарҭҟа дцома Славик?
– Ааи, саб, ус рҳәоит, – сҳәеит сара.
– Абыржәыҵәҟьа Надиа лыҟны бцароуп, дыбмышьҭын ҳаҷкәын уахь ҳәа лабҳәароуп. Анҭ алақәа, рыгәра уго иҟоума, машәыр изырур ҟалоит, – иҳәеит деицрашәаны. Саб, уи дҳәынҭқаруп, иус иара идыруеит, уара иуҳәеит, иан илҳәеит ҳәа даангылома, сҳәеит, аха…
Уиакәхеит, сымцар имухаҭеит, арахь сахьнеиуагьы исзеиԥшымтәыр ҳәа сшәоит. Снеит Надежда Шьаабан-иԥҳа лыҟны, даараӡагьы дсеигәырӷьеит, хәԥхак аҟаҵарагьы лҽазылкит, аха исымуит. – Ус акәзар, акаҳуа, – лҳәеит лара. Уи иаҳа сақәшаҳаҭын, ҳагьеинарцәажәон. Илыршыз акаҳуа ҳнаҿыхәо сани, саби, аибашьраан ахәра зоуны акыр иуашәшәыраз сашьеи, иҭахаз сашьа иԥҳаи уҳәа дразҵаауан. Ус иаацәырызгеит хықәкыла сзызнеиз аус.
– Уи зегь хьаас ирымоуп, – лҳәеит лара, ҭынч ишылҟазшьаз еиԥш, убриаан ан лыблақәа ирхызбаалон агәҭынчымра. – Ихала дҟалом, аҷкәынцәа еибагақәа ицуп, игәы ҭынчзааит, – лҳәеит лара. Ааилышәшәон саб игәырҭынчразы аҩны саннеиуаз, иара агәашә дҭыҵны, иҟәардә дықәтәаны дысзыԥшын, иасҳәеит исаҳаз ажәабжь. Иара ишиҳәаз еиԥш, Славик Қарҭ дцаны даанӡа ҭынч цәашьас иҟоузеи?! Абас иаҳхаагеит Владислав Қарҭҟа ицара.
Исхамшҭуа даҽа хҭыскгьы. Владислав иԥсҭазаара далҵхьан. Ешыратәи аибашьцәа рмузеи усҟан ашкол ахь аамҭала ҳәа ииарымгацызт, уаҟа аус зуан сара. Стәан амузеи аҩныҵҟа патреҭқәак еилырго. Ус, снаԥшызар, хаҵаки ԥҳәыски ашҭа аҭалара рзымгәаӷьуа агәашә иавагьежьуеит, машьынала иҟангьы акәмызт – шьапыла.
– Бзиала шәаабеит, сҳәан ашҭа сҭыҵны снарԥылеит. – Шәымҩахыҵ арахь Ешыраа ҳмузеи ахь, – сҳәеит сара. Избон иахьааиз аҭыԥ ас еиԥш ҵак дук змоу хыброуп ҳәа ишыҟамыз. Дара ишырҳәаз еиԥш, «еибашьҩык дынхоит, иаҳбарц иаҳҭаху аҭыԥ аԥшааразы ҳашԥаимырманшәалари ҳәа ҳгәыӷит» – рҳәеит урҭ. Мҩашьарада избон арҭ ауаа Аԥсны иахҭнагахьоу здыруаз шьоук шракәыз. Ииашангьы, усҟан амузеи ахьыҟаз аурыс ҭаацәара – Новомлиноваа ахьынхоз, ҩ-еихагылак иҟаз иаабац ҩнын. Адәахьала ус акәын, аха аҩныҵҟа иагәыҵаҳәҳәан жәларык Аԥсны зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа реибашьратә ҭоурыхқәа. Азалқәа инарыҩныс-аарыҩнысуа ирбеит амузеи, нас раԥхьатәи ауадаҿы ҩаԥхьа иаангылан, Владислав Ду ипатреҭ дахәаԥшуа аԥҳәыс ус лҳәеит: «Великий, Ваш Первый Президент! Верите, я чувствую его теплоту! Мы приехали сюда, чтобы вдохнуть Эшерского Владиславского воздуха, чтобы его почувствовать поближе, ещё раз вспомнить о нём с любовью».
Азныказы сара саршанхеит исаҳаз, даҽа ганкахьалагьы мҵәыжәҩада сарԥырит. Ихазгалеит Владислав иҳаҭгәын ахь, ирзеиҭасҳәеит аҭыԥ аҭоурых. Аҵыхәтәан ирҳәеит урҭ Пицунда зыԥсы зшьоз, Пензантәи иааз ҳасасцәа Ешыра иаазгаз. Ирҳәеит Аԥсни, Аԥсны Раԥхьатәи Ахадеи ирызкны ирацәаны ишаԥхьахьоу. Лабҿаба ирымбац, аха зыԥхарра рнырыз Владислав иқыҭа иаҭаарц, аамҭа-аамҭала иԥсы ахьишьоз амшын аҟәареи, шәшьырара изызуаз аҵлеи рыблала ирбарц агәаҳәара шрымаз.
Аиашазы сара издыруан Владислави ҳқыҭа рԥарцәеи амшын аҟны рҽаныркәабалоз ишеиқәшәалоз, ампыл ишаслоз, ҵлак амҵан рыԥсы шыршьалоз, аха уи аҭыԥ хаҭала исыздырҵәҟьомызт, исымбацызт. Сыԥсы даԥшәмахеит машьынала уа иҟаз, ҳмузеи абаҳчааӡаҩ Руслан Цухникас. Ианиасҳәа, иаҳаз ажәабжь деигәырӷьаны, ҳасасцәа иманы уи аҭыԥ ахь ицеит. Уимоу, ақыҭа иналга-аалганы харантәи акәзаргьы идирбеит Владислав дахьиз, дахьааӡаз иҩнгьы. Амш ахәларахь инеихьан Руслан урҭ авокзал аҟынӡа инаскьаганы даныхынҳә. Иахьагьы сгәы иалоуп, ианыхынҳәуа иаадгылап ҳәа сыззыԥшыз ҳасасцәа рыӡбахәк сзымдыруа иахьцаз. Аха, иара ахҭыс даара сархәыцит.
Сгәалашәарақәа рахьынтә да­ҽакгьы: Сентиабр мза агәҭахьшәа инеихьан. Лассы-лассы амузеи ахь имҩахыҵлоз Ешыратәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи уи аҽынгьы ашҭа иааҭалеит. Убри аамҭазы зусурахь амҩа иқәыз Владислав ианиба, дымҩахыҵит. «Ари Владислав Григори-иԥа иоуп» – ҳәа ахәыҷқәа аӡәи-аӡәи еиҿахәыҭхәыҭуан. Иара, мшыбзиақәа, ахәыҷқәа, ҳәа аԥсшәа раҳәаны, инапы разқәа зегьы ирхьыгӡаны, аха арахь дшыццакуазгьы арҵаҩцәеи иареи анааицәажәақәа ахәыҷқәа дразҵааит: Ахәыҷқәа, исҭахуп иахьатәи ҳаиқәшәара иадырганы ҳамҭак шәзыҟасҵарц, ишәҭахузеи?

Ахәыҷқәа азныказы иԥхашьазаргьы аҵыхәтәан инеиларԥсеит ражәақәа: анапылампыл, ашьапылампыл… Зегьы абзиараз ҳәа нараҳәаны амузеи ашҭа аанижьит Владислав. Мчыбжьык мҵыцкәаны Ешыратәи абжьаратә школ ашҭа гәырӷьабжьыла иҭырҭәаауа, еицлабны ампыл иасуан аҵаҩцәа…
Насыԥ змоу уаауп ҳәа исы­ԥ­хьаӡоит Владислав Ду хаҭала дыздыруаз, ивагыланы аус ицзухьаз, иажәа ҟәышқәеи илаф ԥшӡақәеи ирзыӡырҩхьаз.
Владислав аҵыхәтәан ихьӡаз ичымазара Аԥсны акәым анҭыҵгьы хьаа дус ирыман. 2006 шықәсазы акәын, амузеи азы аизгара саҿын зхатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз, иҭахаз Ҟабардаа рҵеицәа ирызкны аматериалқәа. Раԥхьатәи афотосахьақәа Лили Ҳагба ишсылҭахьазгьы иҵегьы амузеи архив ахарҭәааразы, усҟантәи аамҭазы зхатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рызҵаарақәа Лиалиа Чамагәуа лнапы изланыз ала, ҳаицны ҳцеит Ҟабардаҟа. Лиалиа иҵегьы илымаз аусқәа дааныркылеит Ҟабарда, сара Аԥсныҟа схынҳәуан, сааскьаргон аибашьцәа. Убарҭ дыруаӡәкын Леон иорден занашьаз Арсен Гуков, иахьа иԥсҭазаара далҵхьеит. Ҳзықәтәаз амашьына цон адәыӷба аангыларҭахь. Амҩан излацәажәоз, хьаас ирымаз Владислав Григори-иԥа иакәын. Усҟан ичымазара акыр ииааихьан, ус даацәажәеит Арсен:
– Аибашьра рыцҳара дуӡӡоуп, ҳазнысыз, иаҳхаагаз даараӡа ирацәоуп, ихьанҭоуп. Ахаан Аԥсны уаҳа иҟамлааит аибашьра, инаунагӡазааит жәҩахыреибыҭала иааҳгаз Аиааира, аха иаҭахны ианыҟала, ԥхьаҟа ҳәа Арӡынба ибжьы ҿаца анга, раԥхьаӡа игыло сара сакәхоит, убрасҟаара ҳаҭыр ду сызиқәуп Владислав. Арсен Гуков арҭ ажәақәа аниҳәоз иныԥшуан ар раԥхьагыла ичымазара игәы шҿнакаауаз, иблагәқәа ҭәын лаӷырӡыла.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба изкны агәыхь ажәабжь Аԥсны ианаарылаҩ ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа ршьапы иқәнаргылеит. Агәырҩа ӷәӷәа иардысит ажәлар. Иаазгоит Ԥшьаԥтәи ашкол аушьҭымҭа Адица Ҳаџьымба уи ажәабжь еиқәаҵәа ашкол аҟны ишрыдыркылаз атәы зҳәо «Владислав» ҳәа хыс измоу, амузеи иалҭаз лнапҩыра аҟнытә цәаҳәақәак:
«…Ашьыжь еснагь еиԥш ашкол ашҭаҿ аџьџьаҳәа аизара ҳаҿын. Иаҳа ҳлахҿыхын зегьы. Ус, аҵара-­ааӡара аҟәша аиҳабы лҭел абжьы геит. Иаашьҭылхит. Иаразнак лыԥсы лылшәшәома уҳәартә даацәышхеит, нас маҷк лыԥсы ааивылган ҿаалҭит: – Владислав Григори-иԥа иԥсҭазаара далҵит. Еилагылаз аӡәызаҵәык иҿы ааихыхны дзымцәажәеит акраамҭа. Ани, ари, зегьы-зегьы рыблақәа лаӷырӡыла иҭҭәаауа иалагеит. Сара амацәысеимҟьареиԥш иаасгәалашәеит: Аҽыкәаҳа! Ааи, аҽыкәаҳа! Зегь иџьаҳшьаз, амилаҭ агәырҩа ду шырзыԥшу уеилзыркаауаз, аҽыкәаҳа! Аҽыкәаҳа! Агәырҩа ду!
Иџьоушьаша, Владислав Григори-иԥа ахәшәтәырҭахь дшыҟаз зегьы ишаҳдыруазгьы, аӡәызаҵәык игәы иҭамшәеит, абри иара изкымзааит ҳәа.
Агәырҩа хьанҭа! Агәаҵантә иаауа агәырҩа зегь ҳаизнагеит алахьеиқәҵаратә митинг аҟны. Ҳашкол иахашәыршәыруаз ҳмилаҭ бираҟ ашьшьыҳәа иаалаҟәит, алаӷырӡ иахәаҽуан ажәақәа…»
Хьаала ирхыргон ҳажәлар ари агәырҩаӷәӷәа. Уахи-ҽни инеиԥшьны Владислав иҳаҭгәын ахь имҩахыҵуан ҵыхәаԥҵәара змамыз ауаа. Ирацәаҩӡан аҿар. Урҭ ҵхагәанынӡа аамҭа рхыргон Владислав иҳаҭгәын аҿы, амузеи аҟны, амузеи аҩныҵҟа ицоз Владислав изкыз авидеонҵамҭақәа ирыхәаԥшуан.
Иаазгоит амузеи аҟны ишьҭоу «Агәаанагарақәа рышәҟәы» №1 аҟнытә Владислав Григори-иԥа изыркыз цәаҳәақәак ари адунеи анынижь ашьҭахь:

Ҳфырхаҵа Арӡынба!
Ҳара шәара даараӡа бзиа шәаҳбоит! Шәара шәҭыԥ джанаҭхааит. Аллаҳ/Анцәа Ду дышәзыразхааит! Анцәа Ду, Аԥсуара иумырӡын!
(Атекст аагоуп ԥсахрада).
Ҭырқәтәылантәи Ҳампал Сезгин.
15.09.2010.

Уара уҟан, уҟоуп, уҟазаауеит!
Еснагь уҳалагылазаауеит!
Саим Аҩӡба
30.09.2010.

Ауаҩы дануаҩха Нцәахәык димоуп, игәыӷрақәа зегьы здиҳәало, убас иҟоу еицакра зқәым ахьӡқәа ируакуп Владислав-лаша ихьӡ. Уи аԥсуаа ҳзы Ныхоуп, ҳажәлар ирхылаԥшуа, зыгәра рго аӡәы иакәны. Уи наӡаӡа ԥсра зқәым хьӡуп!
Инна Аҳашба
30.09.2010

Владислав Григори-иԥа иҟамзаара гәыхьны ирыдыркылеит ахәыҷқәагьы. Иаазгоит 2010 шықәсазы ҳмузеи иазныжьыз ацәаҳәақәа ԥсахрада:
Сара сахааным

Сара аибашьра сахааным,
Уи сышьҭахьҟа инхеит,
Аха аԥшқақәа рыҵәаабжь,
Зегьакоуп исаҳауеит.
Дызбахуеит Арӡынба,
Дақәтәоуп ирашь,
«Шәнеибац, шәнеибац»,
Игахуеит ибжьы.
Иҟазар аԥсабараҿ
Убри аиԥш мчык,
Исҭон самгеиӡа,
Иԥшқазаргь сыԥсы!
Минаиа Давид,
Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ
4-тәи ак. аҵаҩы. 2010 ш.

Ҳаԥсҭазаара, атәитәыхра ҳҭызгаз ҳанцәахәы Владислав Григори-иԥа Арӡынба ухьӡ ыҟанаҵы ҳ-Аԥсынра наунагӡа иаанхоит.
Уԥсы зхоу Ермолаи Аџьынџьал
04.03.2011

Владислав хьыӡкамшәа ахаан ԥсыуак адунеи дықәнаҵ ижәлар дырхашҭран дыҟам, уи иахьа даниз иамшуп, диит наӡаӡа ԥсра иқәымзарц азыҳәа!
Анцәа дуӡӡа сиҳәоит имшра наӡаӡа ижәлар ирыгымхарц!
Ианакәызаалак изыразыз, деилызкаауаз, иусԥшьа
ду иадгылоз, ус зыԥсы ҭанаҵы иаанхо Витали Амаршьан
14.05.2011

Жәларык рԥыза абираҟ даҩызоуп. Арҭ ажәақәа Владислав Григори-иԥа Арӡынба изкуп. Иара ихьӡ ахьтәы нбанқәа рыла иҩлатәуп. Аԥсны ыҟанаҵ Владиславгьы дҟалоит.
Наала Ҷкадуа,
Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә
школ аҵаҩы

Аԥсҭазаараз зыԥсы иамеигӡаз,
Зыжәлар рыгәҭыха назыгӡаз,
Аԥсны ахьышьҭрамҩахь иназгаз,
Адунеи иахыҵәо ахьӡ зыргаз!

Шьҭарнахыс Аԥсны анырҳәо,
Ухаҿсахьа уа иаацәырҵлашт!
Арӡынба ҳәа ухьӡ анырҳәо,
Аԥсны лаша уа иаацәырҵлашт!
Боча Аџьынџьал
25.09.2015

Абдуи амаҭеи Владислав иҳаҭгәынаҿы реицәажәара:
– Дадука, Арӡынба дахьыҟоу удыруама?
Уи Аԥсны ахьыҟоу зехьынџьара дыҟоуп!
Нариа Ламиаԥҳа,
ԥшьышықәса лхыҵуан.
2021 ш.

Владислав Григори-иԥа иԥхара ду ижәлар ирзынижьыз ахаан азыҳәа хьшәашәара ақәлом. Шьоукы-шьоукы убас ҳшоуп, ауаҩы мышкызны дшыԥсра ҳаздырӡом. Ихьааҳгоит иахьа уи иҳацәигхаз, иара иаҳзынижьыз аԥхарра ацынхәра ахьҳазицымҵаз.
Аԥсуа шықәсынҵыра изнымҵеит Владислав, аха ижәлар ирзааигеит ахақәиҭра наӡа, игәҟычгоу акызаҵәык, дахаанхеит зымҩа ылиххьаз Ахьыԥшымра.
В.Г. Арӡынба 65 шықәса ихыҵра азгәаҳҭон Ешыратәи аибашьцәа рмузеи ашҭаҿы раԥхьаӡакәны иара ида. Ашҭа иазымкуа еизеит: иҭаацәа аԥхьа инаргыланы, зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа рҭаацәа, аибашьцәа, ҳҵарауаа, ҳашәҟәыҩҩцәа, ақыҭауаа, ирацәаҩын аҿар. Лымкаала ааԥхьара рыҭан 80 шықәса ирҭысхьаз Владислав раԥхьатәи ирҵаҩы Нуца Михаил-иԥҳа Гагәуа-Лазбеи, аԥсуа бызшәазы ирҵаҩы Лиубов Мақьҭаҭ-иԥҳа Қьецбеи. Ажәа рыман ирҵаҩцәа. Хьаа дула дыргәаладыршәон иҿырԥшыгаз, ахшыҩ ҷыда змаз рҵаҩы.
– Сара шықәса 50 инеиҳаны ашкол аҟны аус зухьан, Слава иҩыза аҵаҩы сара сиқәымшәацызт. Уи иидырша идырхьан, ахшыҩ ҷыда иман. Усҟан аԥсуа классқәа анаадыртыз акәын, Слава иаб, Григори Константин-иԥа ус иасҳәеит, диаагап аԥсуа сектор ахь ҳәа. Изымҵар ҳәа сшәоит иҳәеит азныказ. Иара Слава ианиаҳҳәа деигәырӷьеит, избанзар уи аҵара далагахьан заагьы. Исгәалашәоит исҭаз Иуа Коӷониа ипоемақәа дрыԥхьаны ашкол аҟны данааизтәи иажәақәа: «Апоемақәа санрыԥхьа, убрысҟак исгәаԥхеит, сшьамхы сыҵԥраауа ауп ашкол ахь сшааз» ҳәа.
Слава ашкол далганы Аҟәа аҵара аниҵоз аума, Москва аҵара ду данҭаз аума ныҳәак нижьуамызт ирҵаҩцәа иҳадимныҳәалакәа. Уи убас еиԥш ажәа лыԥшаахла иҳадиныҳәалон, ус еиԥш иҟоу адныҳәаларатә ажәақәа сара џьаргьы самыԥхьацызт» – илгәалалыршәон аԥсуа бызшәазы ирҵаҩы Л. М. Қьецба.
Аекран аҟны ицон Владислав изкыз авидеонҵамҭақәа. Лиубов Мақьҭаҭ-иԥҳа лажәа хыркәшо аекран ахь дынхьаҳәит. Длаша-лашо ижәлар дрылагылан Владислав: – «Сыҷкәын, Слава, сҳәатәы уахымԥацызт ахаан, аха иахьа агха дуӡӡа ухьит. Ҳашԥеицәажәеи уареи сареи, сыԥсыр, улаӷырӡ ԥха насықәҭәаны ҩажәа заҵәык сыхҳәаа ҳәа суҳәан, сзахубаазеи, нан, улаӷырӡ, сара сзы уи џьанаҭын!» – лылаӷырӡқәа еиқәҳәала ицон арҵаҩы.
Аҵыхәтәантәи имҩахь данынаскьаагоз аҽны, Владислав Ду Гәымсҭатәи ацҳаҿы «изыԥшын» Аиааира изахьымӡаз Ешыраа ҳҵеицәа-фырхацәа, урҭ ркомандаҟаҵаҩ Хада дрыгәҭылакны џьанаҭмҩа инанылеит.
Сгәалашәарақәа рыла еиқәыршәоу аочерк хсыркәшарц сҭахуп Владислав Григори-иԥа раԥхьаӡа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы занаишьаз ируаӡәку Апаллон Шьынқәба ицәаҳәақәа рыла:
Дагәылҵит – дахылҵит
Ашәышықәсқәа рҳақ,
Аԥсны ԥшӡа дахьиҩхеит
Аҭынчра иаззыргылаз акәаԥ!

Ешыратәи аибашьцәа рмузеи аиҳабы, ажурналист
Марина Тәанԥҳа

 

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me